00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Гагәылиа: афымцамч Аԥсныҟа аагаразы аиҿцәажәарақәа цоит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа ахҳәаа азиуит ЗҲәА "ИгрыГЕС" адиректор хада Леван Мебониа иинтервиу.

Ажьырныҳәа 25 инаркны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцамч дырцәоит. Аԥсны фымцамчла аиқәыршәара апроблемақәа дрылацәажәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа. Аиҿцәажәара мҩаԥигон Саид Барганџьиа.

— ЗҲәА "ИгрыГЕС" адиректор хада Леван Мебониа иинтервиу иахышәҳәаауазеи?

— Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ауаажәларра рҟны аинтерес ду цәырнагеит Аԥсны фымцамчла аиқәыршәареи, афымцамч нхамҩа аҭагылазаашьеи, аус шауеи рызҵаара. Ауаа азҵаауеит иҟоу шыҟоу. Аус шауа.

— Асеиԥш аҭагылазаашьа уадаҩ ахь ҳкылызгазеи?

— Аинформациа азымхара мамзаргьы иара ииашамкәа аилкаара ацәажәара рацәа цәырнагеиеит. Ирацәоуп иҵаҵӷәыдоу ауҳәан-сҳәан. Ауаа аофициалтә хыҵхырҭақәагьы рыгәрагара рымам. Уигьы еилыскаауеит. Абасеиԥш аан ҳаилак ишалшоу ала иаартны ауаа идеилнаркаауеит иҟоу. Урҭ зегьы шәара ижәдырыр шәылшоит ҳинформациатә ресурсқәа, ҳусзуҩцәа ринтервиуқәа, АИХ (СМИ) рыҟны.

Басариа: афымцамч Қырҭтәылаҟа киловатткгьы цом

— Агәра абанӡоугар алшо Мебониа иинтервиу?

— Ишыжәдыруеиԥш ЕгрыГЕС акомплекс ақырҭцәеи ҳареи ҳабжьара еихшоуп. Џьвартәи аӡеизакырҭеи аплотина ахаҭеи Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иаҵанакуеит. Мебониа далацәажәон атехникатә ҭагылазаашьа. Ииҳәоз аҟны шьаҭаркыганы иман аҭаҩра зуа амыругақәа рырбарақәа.

— Қырҭтәыла ЕгрыГЕС ахы ианамырхәозар, аплотина адыркыр алымшаӡои?

— Мебониа ишиҳәоз еиԥш аӡынтәи аамҭазоуп афымцатәелектростанциа иоунашьҭуа афымцамч зегьы Аԥсныҟа ианаауа. Егьыс, еихшоуп абасеиԥш: ақырҭцәа 46 процент роуа, аԥсуаа – 54 процент роуа ҳәа. Ииашоуп Қырҭтәыла ЕгрыГЕС ада ԥсыхәа рымамкәа иҟаӡам, аха мапгьы ацәыркуам.

— Уажәы имҩаԥааго аекономикатә усқәа иҟарҵома алшара аҭагылазаашьа ҭышәынтәаларц азы?

— Иҟоу зыхҟьаз изныкымкәа ҳалацәажәахьеит – аиҳарак аԥсабаратә ҳауатә ҭагылазаашьақәа роуп. Урҭ уажәазы ҳрықәгәыӷыртә иҟам. Убри инадҳәаланы аиҳабыра алацәажәоит агәыларатә ҳәынҭқарраҟынтәи афымцамч ҳауа аҟаҵара. Аԥхын иҳақәло ауал ҳархынҳәуеит. Ажәалагала аус адулара иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0