Аӡынба: аинвалидцәа Рфонд абиуџьет 50 миллион ацлеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаШамил Аӡынбеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахантәаҩы Бадри Агрбеи реиԥылара.
Шамил Аӡынбеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахантәаҩы Бадри Агрбеи реиԥылара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба имҩаԥигеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ибиуџьеттәым рҳәынҭқарратә Фонд ахантәаҩы Бадри Агрбеи иареи реиԥылара.

АҞӘА, жәабран 8 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ибиуџьеттәым рҳәынҭқарратә Фонд абиуџьет 50 миллион мааҭ рыла еиҳахеит, иҳәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ибиуџьеттәым рҳәынҭқарратә Фонд ахантәаҩы Бадри Агрбеи иареи реиԥылараан, жәабран 8 рзы.

"Афонд абиуџьет ҵыԥх иартәон 60 миллион мааҭ рҟынӡа. Сынтәитәи ашықәс инаркны иара ишьақәнартәоит 111 миллион мааҭ аԥара", ҳәа азгәеиҭеит Шамил Аӡынба.

Аӡынба иазгәеиҭеит Афонд абиуџьет аизырҳара аинвалидцәа ацхыраара ду рызҭо акакәны ишыҟало.

"Азакәан аилагара аҭо абиуџьет аусзуҩцәа арҭ аԥарақәа рхырхуамызт. Ҳара аус азакәанмҩа иақәшәо ишьақәҳаргылеит. Афонд ибиуџьеттәым ҳәа иԥхьаӡоуп, аха иара аԥызҵаз атәыла анапхгара роуп, аусурагьы иацхраауа аиҳабыра роуп", — иҳәеит иара.

Шамил Аӡынба иажәақәа рыла Афонд аԥарақәа рныхшьа хылаԥшра аҭахуп, ишьақәыргылатәуп аинвалидцәа зегьы ианаамҭоу ацхыраара роуртә еиԥш аусура.

"Ҳтәылауаа рахь схы нарханы исҳәоит, аиҳарак анаплакыҩцәа рахь – абиуџьет ахь аԥаралагалара акыр иуадаҩны имҩаԥысуеит. Ҳветеранцәа, аибашьра ааха знаҭаз иахьа ҳрыдымгылозар, уаҵәы ҳәа ԥеиԥш ҳауам", — иҳәеит иара.

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит аиҳабыра ашәахтә маҵзурақәа русура хылаԥшра шарҭо, уи Афонд абиуџьет аҭәра ишацхраауа.

"Ҳара гәҭакны иҳамоуп аинвалидцәа реиҭаҵ-ааиҭаҵразы иманшәалоу ауаажәларратә транспорт ааҳхәап ҳәа. Усеиԥш иҟоу атранспорт Европа зехьынџьара ахархәара амоуп. Аԥаразоужьра азҵаара ӡбхар, ҳагәҭакгьы нагӡахоит", — иҳәеит иара.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ибиуџьеттәым рҳәынҭқарратә Фонд ахантәаҩы иажәақәа рыла Афонд абиуџьет ахарҭәаара иалнаршоит аибашьра аинвалидцәа ирыхәҭаны иҟоу ацхыраара рыҭара. Иара убасгьы иазгәеиҭеит аинвалидцәа рхыԥхьаӡара аизҳара афинанстә уадаҩрақәа шарҿио.

Ажәабжьқәа зегьы
0