АҞӘА, жәабран 9 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Еиуеиԥшым ажанырқәа рыла ицәырго — абжьы лабҿаба абара улзыршо, агәалашәара аформақәа аазырԥшуа авидео уҳәа аскульптурақәа ықәыргылахоит Аҟәа, арҿиаратә цәыргақәҵа "Аҳауа цқьаҟны ахәмаррақәа" аҟны, ҳәа ҳалҳәеит ацәыргақәҵа акуратор Татиана Ергунова.
Ацәыргақәҵаҟны иаабараны ҳаҟоу аусумҭақәа ржанырқәеи ртемақәеи шеиԥшымгьы, иааидкыланы хәмарроуп: ҽеиҭакроуп, гәалашәароуп, еиҭагароуп, ак-ак алхроуп.
Ацәыргақәҵа алахәылацәа руаӡәк, Андреиа Вольфенсбенгер, акустикатә бжьы алабҿабарахь ииалгоит, иаллыршоит иҳаҳауа аабартәеиԥш аҭагылазаашьа аҭара. Лара лусумҭақәа рыла иубар улшоит ажәақәа "ааи" "мап", иубар улшоит аччабжьи аимсабжьи зеиԥшроу.
Ергунова лажәақәа рыла ацәыргақәҵа аидеиа зтәу швеицариатәи афонд Artasfoundation ауп. Абар, ушьҭа акыршықәсоуп иара Аԥсны имҩаԥнагоижьҭеи ахатәы проектқәа. Аԥхьатәи апроект акәны иҟан аԥснытәии швеицариатәии астудентцәа еицымҩаԥыргаз аворкшоп. Иара ашьҭахь алахәылацәа Базель иҟан, имҩаԥыргеит аиццәыргақәҵа.
"Ҭагалан ҳара еицымҩаԥаагеит раԥхьатәи ацәыргақәҵа "Аҭыԥи аамҭеи рҭагылазаашьа". Уи ацәыргақәҵа швеицариатәи афонд Artasfoundation апроект ауп. Иара амҩаԥгаразы алшара ҳанаҭеит Швеицариа иаҳзоунажьыз агрант", — лҳәеит Ергунова.
Лара иара убасгьы иаҳзеиҭалҳәеит ацәыргақәҵа ахалархәра зҭахны иҟаз шырацәаҩыз. Урҭ зегьы Аԥсны аинтерес шрымоу.
"Швеицариа ҳусураан ицәырҵит атема "Аҳауа цқьаҟны ахәмаррақәа". Иара ҵаҵӷәны иазыҟалеит асахьаҭыхыҩ Беат Липперт Аԥсныҟа петанк ахәмарра аагап ахьиҳәаз. Иара иусумҭақәа рҵакы ахәмарра аимпорт азура адагьы иахьыҟоу аҭагылазаашьагьы аимпорт азуроуп", — лҳәеит акуратор.
Ергунова илҳәеит ацәыргақәҵаҟны иқәыргылахоу аусумҭақәа зегьы ишрылахәу ахәмарра. Асахьаҭыхыҩцәа ахәмарра ахархәарала иаадырԥшуеит рҟазара, рыхдырра.
Ари ацәыргақәҵаҟны ицәыргахо швеицариатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рымацара ракәхоит.
Апроект Artasfoundation Аԥснытәи акоординатор Сабина Енни агәрагара лымоуп урҭ аусумҭақәа анырра рзыруп ҳәа алахәылацәа реиԥш аҭааҩцәагьы.
"Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирылшоит ирбар адунеи швеицариатәи асахьаҭыхыҩцәа рыблала. Сара аҭыԥантәи ауаа бзианы исыздырам, иҟалап урҭ рзы оумашәа ирбашагьы, иҟазароуп ҳәа ззырымҳәо цәыраагаргьы, аха агәра згоит аусумҭақәа ишрылшо иҿыцу ахәыцрақәеи аидеиақәеи рцәыргара", — лҳәеит Енни.
Ацәыргақәҵа "Аҳауа цқьаҟны ахәмаррақәа" мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 9-20 рзы, Аҟәа, акультуратә центр "Склад" аҟны.