Афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа реиндаҭлара

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВывеска МИА "Россия сегодня"
Вывеска МИА Россия сегодня - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

АҞӘА, жәабран 10— Sputnik. 500 инареиҳаны усумҭа неиит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭларахь. 2015 шықәса, ԥхынҷкәын 22 рзы азыҳәақәа рыдкылара ианалага инаркны атәыла-лахәылақәа рхыԥхьаӡара ҩеижәа рҟынӡа инаӡеит (Франциа, Швеицариа, Бразилиа, Индиа, Финлиандиа, Индонезиа, Ҭырқәтәыла, Бангладеш, Урыстәыла, Ҟазахсҭан убас егьырҭгьы). Аиндаҭларахь иаашьҭу аусурақәа рҟны аԥыжәара аиуит аноминациа "Сара стәыла". Афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа ртәыла аԥшӡара, аԥсабара, ақалақьтәи ақыҭатәи пеизажқәа, ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа аадырԥшуеит рҭыхымҭақәа рыла. Аиндаҭлара рылахәразы азыҳәақәа рыдкылашьа атәы арбоуп асаит stenincontest.ru аҟны 2016 шықәса хәажәкыра 22 рҟынӡа. Ацәыргақәҵа аартреи, аиааира зго ралкаареи аҳамҭақәа ранашьареи ацеремониа мҩаԥысраны иҟоуп Москва, 2016 шықәса нанҳәа 30 рзы.

Аиндаҭлара иалахәхар рылшоит 18 шықәса инаркны 33 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Иара иахықәкы хаданы иҟоуп афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа ацхыраара рыҭара. Аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит аноминациақәа хәба рыла: "Моя страна", "Краски мира. Гармония жизни", "Портрет. Герой нашего времени", "Главные новости" и "Спорт". Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла иҳәаақәҵахоит номинациацыԥхьаӡа рҟны хԥа-хԥа ҭыԥ, иара убасгьы алкаара ҷыда "гран-при". "Гран-при" иартәоит 500 000 мааҭ, реиҳа аинтерес зҵоу аусумҭа ианашьахоит.

Ажиури аилазаара иалахәуп: Ольга Свиблова, Мультимедиа Арт Музеи ашьаҭаркҩы, адиректор (Урыстәыла); Денни Пакен, амаҵзура The Associated Press афотомаҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩ (Еиду Америкатә Штатқәа); Чжен Веи, ажәабжьтә маҵзура "Синьхуа" афотоинформациатә департамент адиректор (Китаи); Альдо Мендики, италиатәи афотоҭыхыҩ, аиндаҭларақәеи асеминарқәеи реиҿкааҩ (Италиа) убас егьырҭгьы.

Аиндаҭларазы адырранҵа:

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара 2016 шықәса рзы имҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аиндаҭлара информациатә партниор хаданы иҟоуп: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo.

Аиндаҭлара жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟоуп: аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG). Аусхкытә информациатә партнерцәа рыҳасабала аиндаҭлара иадгылоит: Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Ажәабжьқәа зегьы
0