Абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ далхуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаРафаель Амԥар
Рафаель Амԥар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара изаамҭанытәиу аилатәараҟны Рафаель Амԥар абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс даҭоуп.

АҞӘА, жәабран 12 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахәаша, жәабран 12 рзы, Аԥсны Аминистрцәа реилазаара изаамҭанытәиу аилатәараҟны Рафаель Амԥар абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс даҭоуп.

"Сара даара сеигәырӷьоит шәара Аԥсны аспорт аҿиарахь шәазырхынҳәра ахьҳалшаз. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит имариам аамҭақәа рзы уи аус шәахьазыхынҳәуа", — иҳәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба.

Рафаель Амԥар диит 1964 шықәса рзы. 1977 шықәса рзы Дон иаԥну Ростов ақалақь аҟны аспортинтернат аҟны аҵара иҵон.

1981 шықәса рзы Аԥсныҟа дхынҳәуеит, ахәмарра далагоит Аҟәатәи "Динамо" аҟны, аха игәамбзиара иахҟьаны инижьыр акәхоит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәылоуп. Леон иорден ианашьоуп.

2005-2011шш. рзы Рафаель Амԥар аус иуеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы дахантәаҩын. 2014ш. раахыс ААУ (АГУ) афизкультура акафедра аиҳабыс дыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0