АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ишьаҭанаркыз алитературатә премиа "Поэт года" аиуразы аредакциатә комиссиа аноминантцәа алнахит. Урҭ рыгәҭа дыҟоуп Санкт-Петербургтәи акультура аинститут астудентка, Аԥснытәи апоетесса-ҿа Диана Шашура.
Лара лажәақәа рыла аиндаҭларатә комиссиа иалнахыз аноминантцәа рҩымҭақәа ркьыԥхьхьазароуп урыстәылатәи алитературатә портал Стихи.ру аҟны.
"Сара уаанӡа асеиԥш иҟоу апремиа ыҟоуп ҳәагьы сыздырамызт, аха сажәеинраалақәа савтортә бӷьыц аҟны ианысҵалон. Аиҿкааҩцәа рҟынтәи адырра ансоу, аԥхьаҵәҟьа исзеилымкааит. Аиндаҭлара асаит санҭала, ажиури алахәылацәа рыжәлақәа анызба – ишыхәмаррамыз еилыскааит", — лҳәоит Шашура.
Есышықәсатәи алитературатә премиа "Поэт года" хықәкны иамоуп аҟазара ҷыда злоу авторцәа ҿыцқәа раарԥшра. Апремиа еицымҩаԥыргоит Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ИУНЕСКО Абиурои.
Аиндаҭлара мҩаԥысуеит х-етапкны. Актәи аетап аан иалырхуеит аноминантцәа, аҩбатәи аан — афиналисстцәа, ахԥатәи аан — афиналистцәа рҟынтәи иалыркаауеит алауреатцәа.
Хәажәкыра 21, 2017шықәса рзы, Апоезиа адунеизегьтәи амш аҽны алауреатцәа рыхьӡқәа рылаҳәахоит.