Германиа иазҳауеит атәылахь ахҵәаҩцәа ралалара згәамԥхо рхыԥхьаӡара

© AFP 2023 / TOBIAS SCHWARZАхҵәацәа. Берлин ажьырныҳәа 27, 2016 шықәса.
Ахҵәацәа. Берлин ажьырныҳәа 27, 2016 шықәса. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахҵәацәа атәылахь рааразы ауаа ргәаанагара аҽшаԥсахуаз атәы еилнакааит аҭҵааратә еилакы Populus, аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik азы.

АҞӘА, жәабран 16, Sputnik. Азҵаарақәа мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилакы Populus, аинформациатә маҵзура Sputnik азы. Азҵаарақәа ирылахәын ареспондентцәа – Германиа ауааԥсыра. Азҵаарақәа мҩаԥган мызк аԥхьа Киольн ахҭыс зманы иҟаз аҭагылазаашьақәа рышьҭахь. Атәыла аиҳабыра ахҵәацәа атәыла иаларыжьлароуп ҳәа агәаанагара зманы иҟаз абарҭ ахҭысқәа рышьҭахь рхыԥхьаӡара 7% еиҵахеит.

Азҵаара "шәгәы ишԥаанаго, Германиа аиҳабыра ахҵәацәа атәылахь иаарышьҭыр акәу иаармышьҭыр еиӷьу?" аҭакс изазҵааз ареспондентцәа 41% ирыԥхьаӡоит атәыла аиҳабыра урҭ мап рцәыркроуп ҳәа (ари ацифра ф-процентк рыла еиҳауп уаанӡатәи азҵаарамҩаԥгараантәи агәаанагарақәа раасҭа). "Ахҵәацәа рыдкылатәуп" ҳәа зҳәоз рхыԥхьаӡара акәзар 7% иреиҵахеит. Иахьазы дара рхыԥхьаӡара 51% ыҟоуп (уаанӡа — 58% ыҟан).

Еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә еилакы Populus 2015 шықәса цәыббра 25 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡеи 2016 шықәса жәабран 3-4 рзи азҵаарақәа мҩаԥнагон. Изызҵаауаз еихыршон шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа. Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2014 шықәса, ԥхынгәымзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит британиатәи аҭҵааратә компаниа ICM Research. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵак ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.

Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0