АҞӘА, жәабран 17 — Sputnik. 2016 шықәса ажьырныҳәа 25 инаркны Аԥсны имҩаԥыргоз афымцарцәарақәа аԥыххеит жәабран 16 инаркны. Абри атәы аанацҳаит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Асырӡлеира иалагаанӡа Аԥсны афымцамч аиулоит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи.
"Ари иалнаршоит хәажәкырамзазы ҳаззыԥшыз афымцастанциа аанкылара аԥыхра, асырӡқәа алеира иалагаанӡа ишахәҭоу еиԥш ареспублика фымцамчла аиқәыршәара", ҳәа аҳәоит иҟоу аацҳамҭаҟны.
Ишдыру еиԥш аҭагылазаашьа уадаҩхеит ЕгрыГЕС аҟны аӡы аҩаӡара ахьылаҟәыз иахҟьаны.
Убри инадҳәаланы афымца аамҭа-аамҭала идырцәон. Уахыки-ҽнаки рыла иара иартәон ԥышь-сааҭк.
Азанаҭуаа ишышьақәдырӷәӷәо ала аӡы азымхара зыхҟьаз Аԥсны ирацәаны афымцамч ахархәара иахьалагаз ауп. Аҟазацәа ргәаанагарала ЕгрыГЕС аангылар ауан 2016 шықәса жәабранмза анҵәамҭазы.
Егры ГЕС аусура хацнаркит 1978 шықәса рзы. Астанциа амчлшара 1300 мегаватт инаӡоит.