Фышықәса зхыҵуа Милена Ҭаниа ҳацхыраара лҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМилена Таниа.
Милена Таниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Милена Ҭаниа лыцхырааразы аԥареизгара хацнаркит.

АҞӘА, жәабран 18 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Фышықәса зхыҵуа Милена Ҭаниаԥҳа алаԥсра лымоуп, дызныҟәаӡом. Лара лгәабзиара аҭҵаарази лыхәышәтәрази аԥара рацәа аҭахны иҟоуп лҳәеит Милена лан, Анна Чолохиан.

Анна лажәақәа рыла Милена дызцәажәом, дызныҟәом, лхы дзацхраауам.

"Ухәыҷы ажәак аниҿымшәо, сан ҳәа анузимҳәо, инапқәа укәыршан уанизгәыдымкыло, амла дакуама, ахьҭа дакуама, ихы ихьуама, игәы ихьуама, дзызхәыцуа анузеилымкаауа еицәоу адунеи аҟны акгьы ыҟамзар ҟалап", — лҳәоит ан.

Чолохиан лажәақәа рыла Милена аҭаацәа рҟны раԥхьа ииз хәыҷуп. Дани ашьҭахь ахәыҷы ак лыдубалартә дыҟамызт. Аха мызкы анылхыҵуаз ахәыҷы алаҵа лзыҟарҵеит, убри ашьҭахь лан аицакрақәа лыдылбало далагеит. Ахәыҷы иаразнак лыхәышәтәра хацдыркит. Фымз анылхыҵуаз краснодартәи аҳақьымцәа ишьақәдыргылеит лчымазара (акриптогентә ԥсмаҷра, парапарез).

Руслан Хибба. - Sputnik Аҧсны
Руслан Хибба зыхә ҳараку ахәышәтәра иҭахуп

"Ахәыҷы Тҟәарчал диит. Лгәы бзиан. Мызк анылхыҵ ахәышәтәырҭахь дназгеит. Аневропатолаги апедиатори ахәыҷы лгәы бзиоуп рҳәеит, алаҵа (БЦЖ) ҟаҵатәуп рҳәан иҟаҳҵеит. Ҩымш рышьҭахь априступқәа лоуа далагеит.

Иҟалап агәлаҵа иахҟьазар. Уажәшьҭа изыхҟьаз узышьақәыргылом", — лҳәоит Милена лан.

Анна Чолохиан илҳәоит бжьымзынӡа ахәыҷы хар лымамкәа дшыҟаз, жәымз анылхыҵуаз агәаҵәыхь иахҟьаны изныкымкәа ахәышәтәырҭахь ишнанагаз. Убри ашьҭахь ахәыҷы афатәлбаагатә рефлекс лцәыӡит.

"Акырҵуеит иныҭкааны ахәыҷы дгәаҳамҭеижьҭеи. Лхы амаҵ азылуа дҟалар жәҩангәашәԥхьаран избон", — лҳәоит ан.

Лара лажәақәа рыла аҳақьымцәа егьырҭ лхәыҷқәагьы алаҵа рзутәуп ҳәа анларҳәо мап ацәылкуеит. "Сшәара сиааиуеит", — лҳәоит лара.

"Амедицинатә технологиақәа ринститут аҟны иазыхиоуп Милена ацхыраара лыҭара. Аҳақьым хада Елена Малахова иазгәалҭеит ахәыҷы иныҭкааны дыҭҵааны лыхәышәтәра иалагатәуп ҳәа".

Милена лҭаацәа ирымам алшара ахәыҷы дырхәышәтәыртә еиԥш.Убри азы аҳәара ҟарҵеит ацхырааразы.

Афонд "Ашана" аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа адырра ҳалҭеит Милена лыхәышәтәра 399 480 мааҭ шаҭаху.

"Амедицинатә технологиақәа ринститут аҟны иазыхиоуп Милена лыдкылара. Лхы дахәо дҟалартәеиԥш аҟынӡа дрызнагар алшоит. Иахьазы уахь лцара, лыҭҵаара, лыхәышәтәра амҩаԥгара 399 480 мааҭ аҭахуп. Аҭаацәараҟны аҽа ҩыџьа ахәыҷқәа ирызҳауеит. Асеиԥш иҟоу аԥара рымам", — лҳәоит Афонд аусзуҩ.

Милена лықәлацәа ашкол ахь ицахьеит. Лара ацәажәараҵәҟьа лылшом. Лыҿиара акыр ихьысҳауп – дызтәом, дызцәажәом, лхы дзахәом.

Ажәабжьқәа зегьы
0