АҞӘА, жәабран 18– Sputnik. Аԥшьашаҽны Владимир Путини Рауль Ҳаџьымбеи еиԥылараны иҟоуп иҳәеит Урыстәыла Апрезидент ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
"Иахьа, усутә визитла Москва дыҟоуп Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны еиԥылараны иҟоуп Урыстәыла Апрезидент Владимир Путини иареи" — иҳәеит Песков.
Уаанӡа Ҳаџьымба иазгәеиҭахьан Урыстәылатәи ивизит аан гәҭакны ишимоу 2015 шықәса хәажәкыра 5 рзы амчра зауз аидгылареи апартниортә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра анагӡашьа алацәажәара. Иара иажәақәа рыла иҟоуп зылацәажәара аҭахны иҟоу, аихамҩатә кредит ахәшәара, аенергетика аусхк аҟны аусеицура аҿиара, аинвестициақәа ареспубликахь ралагалара уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа жәпакы.