Беларуссиа еснагь визада аиҭанеиааира иадгылаҩын

© Sputnik / Иван Руднев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБеларуссиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Беларуссиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Беларуссиа адәныҟаполитикатә усбарҭа иазгәанаҭеит Беларуссиа еснагь атәылақәа рыбжьара визада аиҭанеиааира ишадгылаҩыз.

АҞӘА, жәабран 18 — Sputnik. Беларуссиа адәныҟаполитикатә усбарҭа иазгәанаҭеит Беларуссиа еснагь атәылақәа рыбжьара визада аиҭанеиааира ишадгылаҩыз. Абри атәы далацәажәеит Минск имҩаԥгаз абрифинг аҟны Беларуссиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Мирончик, Аԥсны Беларуссиа атәылауаа рганахьала авизақәа ралагалара гәҭакны иахьамоу инамаданы, ҳәа аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

"Беларуссиатәи аган иарбанызаалак тәылак ианаҭом иарбанызаалак ҿыӡгак ҳтәылауаа рвизатә режим аруадаҩразы", — иҳәеит ААР (МИД) амаҵзуҩы.

"Беларуссиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра активла аусура мҩаԥнагоит егьырҭ атәылақәеи иареи рыбжьара авизатә режимқәа рырмариаразы", ҳәа азгәеиҭеит Беларуссиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Мирончик.

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл алалареи алҵреи аԥҟарақәа рзы" инақәыршәаны мшаԥымза 1 инаркны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зыбжьам Аԥсни егьырҭ атәылақәеи рзы авизатә режим шьақәыргылахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0