АҞӘА, жәабран 18—Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи аекономикеи ашәарҭадареи русхк аҟны русеицура аҿиара иаҿуп, аиқәшаҳаҭра-зинтә база акәзар еиҳа-еиҳа иҵаҵӷәыркхоит, иҳәеит Владимир Путин.
"Иҟоуп азҵаарақәа, ҷыдала зылацәажәара аҭахны иҟоу. Аиқәшаҳаҭра-зинтә база акәзар еиҳа-еиҳа иҵаҵӷәыркхоит, еиуеиԥшым аусхкқәа рхырхарҭақәа рҟны акәзар аинырра еиҳа аԥышәа аиуеит. Ҳаизыҟазаашьақәа рхышәа-ҵышәа аҽарҭбаауеит. Ганрацәала еиларсуп", — иҳәеит Путин Рауль Ҳаџьымбеи иареи реицәажәараан.
Ҳаџьымба ишазгәеиҭаз ала аҵыхәтәантәи реиԥылара ашьҭахь аиҭакрақәа рацәаны имҩаԥысит.
"Аиқәшаҳаҭра хада аус аурцаз анапы рыҵаҩуп аиқәшаҳаҭра ҷыдақәа, аӡбра ҳаҿуп ашәарҭадареи, аекономикеи, асоциалтәи зҵаарақәа", — иҳәеит Ҳаџьымба.
"Иахьазы ихацыркуп Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны инхо Урыстәыла атәылауаа ртәанчахәы инацҵаны ашәара апроцесс. Иҟоуп еиҭахгьы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа зганахьала аусурақәа ҳарҿу. Сгәы иаанагоит урҭ зегьы ԥхьаҟагьы аҿиара бзиа роуп ҳәа", азгәеиҭеит Аԥсны Ахада.