АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. ИАР атәылақәа рҟынтәи атуристцәа раара еиҵахом, иҳәеит атәыла Ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Давид Сангәлиа, "Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи Аԥсны Аҳәынҭқарра алҵреи рзы аԥҟаразы" азакәан ахҳәаақәа азуа.
2016 шықәса мшаԥымза 1 инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл ахь визада 90 мшы ҿҳәарас ирыманы иаар алшоит визада аиҭанеиааираз жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра зыбжьу Аԥсни аҽа тәылаки ртәылауаа. Егьырҭ атәылақәа ртәылауаа аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл иалалар рылшоит авиза анроулак ашьҭахь.
"Азакәанԥҵаратә лагала уадаҩрак ҟанаҵом ҳәа ҳгәы иаанагоит. Авиза аҟазаара иалнаршоит Аԥсны аҵакырадгьыл ахь аара зҭахны иҟоу атәымтәыла ауааԥсыра рганахьала заа аинформациа аиура. Ҿыцла аусуразы иахәҭаны иҟоу амеханизмқәа зегьы еиҿкаахоит", — иҳәеит атәыла Ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Давид Сангәлиа.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи Аԥсны Аҳәынҭқарра алҵреи рзы аԥҟаразы" азакәан аҟны иазыԥхьагәаҭоу аԥҟарақәа иалдыршоит атәыла иалалои иалҵуеи рхылаԥшреи рыԥхьаӡареи, иҳәеит иара.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит авизатә режим абиуџьет ахьгьы алагалақәа шыҟанаҵо.
Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи алҵреи рзы аԥҟарақәа" инақәыршәаны 2016 шықәса мшаԥымза 1 инаркны иалагалахоит авизатә режим. Арахь иаҵаркхом Урыстәыла, Никарагуа, Тувалу, Аахыҵ Уаԥстәыла.