Транскавказтәи амҩаду аркыуп, асыԥса леир ахьалшо иахҟьаны

© Sputnik / Владимир Иванов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсыԥса ахҟьа-ԥҟьақәа ррыцқьара. Архивтә фото.
Асыԥса ахҟьа-ԥҟьақәа ррыцқьара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бурон – Северныи портал Роккски атоннель Транскавказтәи амҩаду иахьаҵанакуа машьынала аиҭаҵра аанкылоуп, асы рацәаны иахьлеиз иахҟьаны.

АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik. Транскавказтәи амҩаду иахьаҵанакуа машьынала аиҭаҵра аанкылоуп, асыԥса леир ҟалоит азын.

"Асы рацәаны иахьауз иахкьаны, асыԥсақәагьы леир ахьрылшо азынгьы, Транскавказтәи амҩаду иахьаҵанакуа амашьынақәа рныҟәара аанкылоуп, Бурон – Северныи портал Роккски атоннель ауааԥсыра ахьынхо жәабран 22 ауха инаркны алаҳәара ҷыда ҟарҵаанӡа", — иаҳәоит аацҳамҭаҿы.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрра абжьгара ҟанаҵоит абри аганахь ала машьынала имцаларац, ашәарҭадаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.


Ажәабжьқәа зегьы
0