Аслеира иахҟьаны Москватәи амҩақәа рҟны аныҟәара уадаҩхар алшоит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсы алеира.
Асы алеира. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳауатә ҭагылазаашьақәа рыуадаҩра иахҟьаны амашьынарныҟәцаҩцәа ирабжьыргоит рныҟәара ишалшо ала хылаԥшра арҭаларц ҳәа аҳәоит аҳәынҭқарратә усҳәарҭа "Центр организации дорожного движения" адырраҭара.

АҞӘА, жәабран 22, Sputnik. Москва ақалақь аҟны ишьақәгылаз аҳауатә ҭагылазаашьақәа рыуадаҩра иахҟьаны амашьынарныҟәцаҩцәа ирабжьыргоит рныҟәара ишалшо ала хылаԥшра арҭаларц, ҳәа аҳәоит аҳәынҭқарратә усҳәарҭа "Центр организации дорожного движения" адырраҭара.

Ацентр адырраҭарақәа рыла Москва иазыԥшуп амш ацәгьахара, аԥша аӷьра, аслеира, аҵаара ӷәӷәа.

"Аҳауатә ҭагылазаашьақәа рыуадаҩра иахҟьаны амашьынарныҟәцаҩцәа ирабжьаагоит рныҟәара ишалшо ала хылаԥшра арҭаларц амҩатә машәырқәа раԥырҟәҟәааразы. Иара убри адагьы аҳәара аауеит ахатәы машьынақәа ракәымкәа ауаажәларатә транспорт ахархәара арҭаларц", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0