Ҳаџьымба: Путин адҵа ҟаиҵеит Ԥсоутәи ажәытә цҳала аныҟәара хацыркызарц

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәаа.
Аҳәаа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба, аҩаша Урыстәылатәи Афедерациаҟны имҩаԥигаз авизит аихшьаалақәа ирызкыз ибрифинг мҩаԥигеит

АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Урыстәыла Ахада Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит Ԥсоутәи ажәытә цҳа ала аныҟәара хацыркызарц. Абри атәы иҳәеит Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба аҩаша имҩаԥигаз абрифинг аҟны.

"Уи иалнаршоит аурыс-аԥсуа ҳәааҟны аиашьҭра еиҳа арманшәалара. Ажәытә цҳа ауадаҩрақәа акыр аԥнахуеит", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит агәыӷра шимоу аԥхынтәи асезон аан урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа русура ахаҭабзиара еиҳагьы ишеиӷьыртәуа.

"Ҵыԥх еиԥш сынтәагьы ҳаилацәажәап ҳәа сгәыӷуеит аусура ахаҭабзиара аиӷьтәразы, аусуразы иахәҭоу аштат раԥҵаразы аусурақәа хаҭабзиарала имҩаԥгахаларц азы. Ҵыԥх аҳәаа уахыки-ҽнаки рыла 60 000-ҩык рҟынӡа ауаа ахрыжьртә иҟан аҭагылазаашьа", иҳәоит Ҳаџьымба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла Ахада Аԥсны абахҭа ҿыц аргылара азҵаара аҭак шыҟаиҵаз.

"Иахьазы абахҭаҟны иҟоу аҭагылазаашьақәа анорма иақәшәо иҟам. Ацәгьоуцәагьы иахәҭоу азнеишьа рымазароуп. Абахҭа ргылахоит Гәылрыԥшь араион иахьаҵанакуа. Абри аус аҟны ацхыраара ҳауеит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит ауахәамеи абахҭеи реигәылара шиашам.

Аофициалтә еиԥылара мҩаԥысит жәабран 18 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0