Арепатриациаз аҳәынҭеилакы Ҭырқәтәылатәи акультуратә центр иаҭааит

© Sputnik Асида КвицинияЏьансыхә Лазба.
Џьансыхә Лазба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Арепатриациаз аҳәынҭеилакы ахаҭарнакцәа ааԥхьара рыҭан Сақариа ақалақь аҟны иҟоу аԥсуа культуратә центр аартра ҩышықәса ахыҵра аныҳәамш ахь.

АҞӘА, жәабран 25 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥсны Арепатриациаз аҳәынҭеилакы ахада Вадим Ҳаразиеи ахаҭарнакцәеи ааԥхьара рыҭан Сақариа ақалақь аҟны иҟоу аԥсуа культуратә центр аартра ҩышықәса ахыҵра аныҳәамш ахь. Абри атәы ҳаиҳәеит аџьынџьуаа реимадаразы аҳәынҭеилакы аҟәша аиҳабы Џьансыхә Лазба.

Иара иажәақәа рыла аиԥылараҟны ирылацәажәан арепатриациа азҵаарақәа, еицымҩаԥыргар зылшо апроектқәа, аиныррақәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш азҵаарақәа, аҵареи, акультуреи рызҵаарақәа.

"Зегь раасҭа ихаданы ҳазлацәажәоз Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа аус ацура азҵаароуп. Афедерациа ахантәаҩ ҿыц, Ахмед Хаԥаҭ иалхра инамаданы аиқәшаҳаҭра ахарҭәаара алаагалеит. Иара шьаҭаны ирзыҟалоит ԥхьаҟатәи ҳусурақәа зегьы", — иҳәеит Лазба.

Ахарҭәаарақәа рзырхоуп аҵара, абызшәеи акультуреи реиқәырхара, аҿар рыԥсадгьыл ахь рхьарԥшра агәазыҟаҵаразы аԥхынтәи алагерқәа раԥҵара.

Арепатриациаз аилак аделегациеи еицырдыруа Омар Беигәаа иԥацәа Ергини Шенсоуи реиԥылара мҩаԥысит Измиҭ ақалақь аҟны.

"Омар Беигәаа иԥацәа рԥылараан ҳара урҭ ирзеиҭаҳҳәеит Аԥсны, ҭагалан имҩаԥысраны иҟоу ауснагӡатәқәа рыӡбахә. Арҭ ауснагӡатәқәа Омар Беигәа диижьҭеи 115 шықәса аҵра иазырхоуп. Дара даара гәахәас иҟарҵеит раб ихьӡ Аԥсны иахьырхамшҭуа, пату ахьақәу. Агәра ҳдыргеит хәы змоу иқьаадқәа, иҩымҭақәа, инапылаҩырақәа шаҳзаарго, Омар ихьӡ зху Амузеи ҳамҭас аҭаразы. Амузеи аартын 2009 шықәса рзы, арепатриациаз Аҳәынҭеилакы аԥшьгарала", — иҳәеит Лазба.

Омар Беигәаа – аԥсуаа рҭоурых, ретнографиа, рфольклор, ркультура иазку аусумҭа дуқәа дравторуп. Иабду, Ҳасан 1877 ма 1878 шықәсқәа рзы Абжьаҟәа ақыҭа далҵны мҳаџьырра ҳәа дықәҵит. Омар Беигәаа иԥсҭазаара зегьы азкын иҭоурых ԥсадгьыл аӡыргара, аҭҵаара.

Ҭырқәтәыла инхоит 400 000 инареиҳаны аԥсуаа. Урҭ реиҳараҩык рҽеидкыланы инхоит Сақариа ақалақь иахьаҵанакуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0