Баҭал Ҭарба аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп

© из личного архива Батал ТарбаБаҭал Ҭарба аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп.
Баҭал Ҭарба аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амнмстрцәа реилазаара ақәҵарала Баҭал Ҭарба дҟаҵоуп аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩыс, аԥшьаша жәабран 25 рзы.

АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны аԥыза министр Артур Амқәаб, жәабран 25 рзы имҩаԥгаз аминистрцәа реилазаараҿы, Баҭал Ҭарба аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы икандидатура ықәиргылеит. Аминистрцәа зегьы еицҿакны рыбжьы рҭиит, иақәшаҳаҭхеит.

Баҭал Ҭарба диит 1988 шықәса рзы Очамчыра ақалақь аҿы. Далгеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет, занааҭла "аҳәынҭқарратә зиндырра". Иара убас ауниверситет аҿы арратә кафедраҿы аҵара иҵон. 2010-2011-тәи ашықәсқәа рзы арратә маҵзура ихигеит, арратә хьӡыс алеитенантра иманы дцеит.

Аконсалдингтә компаниа "Консультант" аҿы зиндырыҩс аус иуан. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азиндырратә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус иун, анаҩс Афинансқәа рминистрраҿы азиндырра аҟәша аиҳабыс, анаҩс Аекономика аминистрраҿгьы уи амаҵураҿы.

Хәажәкырамза 2015 шықәса инаркны аҳәынҭқарратә еилакы "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Енергосбыт" директорс дыҟан, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистр иабжьагаҩыс дыҟан.


Ажәабжьқәа зегьы
0