АҞӘА, жәабран 26 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Гал араиони иара иаԥну ақыҭақәеи рҟны есышықәсатәи арахә ргәырлаҵара хацыркхоит хәажәкырамзазы, ҳәа адырра ҳаиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуа.
Џьапуа иажәақәа рыла аҩнытә ԥстәқәа агәыр рылаҵара мҩаԥгахоит Гал араиони иара иаԥну Тҟәарчалтәии Очамчыратәии араионқәа рқыҭақәа рҟны мацара.
"Ашьапархь чымазара Қырҭтәылантәи иаауеит. Аамҭақәак рзы иара аҭыԥ аманы иҟан ҳара ҳҟынгьы. Иахәҭаз агәҽанҵаратә уснагӡатәқәа рышьҭахь ачымазара аҽышьҭанакит", — иҳәеит Џьапуа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит ашьапархь ауаҩԥсы ишиԥырхагам.
Ашьапархь – инфекциатә чымазароуп. Арахә ирыхьуеит. Ирласны еимҽханакуеит.
Зны-зынла адәахьы иара аҟазшьақәа цәырымгакәа арахә ианалаҽуагьы ыҟоуп. Аҿыцира иахьзар, аԥстәы аиҳарак изеиқәхом, иԥсуеит.