"Ишьхатәылоу Аԥсны" аскитуртә маршрут

Анапаҵаҩра
Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" аӡынтәи аекспедициа алахәылацәа имҩаԥыргеит ашьхатә массив Ажара ашьхакаҵәара иахыкәшаны раԥхьатәи аскитуртә маршрут.

АҞӘА, жәабран 26 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аӡынтәи аекспедициақәа еиҳарак имҩаԥаагоит аԥсны ашьхақәа рҟны аскитур азы иманшәалоу амаршрутқәа рышьақәыргылара хықәкыс иҳаманы. Абри атәы ҳзааицҳаит Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" анапхгаҩы Ҭенгьиз Ҭарба.

Аекспедициа иалахәуп фрираид азы урыстәыла ачемпионка Оксана Чекулаева, National Geographic Россиа аекстремалтә патреҭҭыхыҩ Алексеи Заводски.

Ҭарба ишиҳәаз ала мызк аҩныҵҟа аекспедициа Ажара ашьхакаҵәареи, ашьхахыҵырҭа Ацетуки, аӡиа Мзи, ашьхахыҵырҭа Чхи рахь амаршрутқәа ҭаҩны ишьақәдыргылалоит.

"Албаара авариантқәа шьақәыргыланы амаршрутқәа рыуадаҩрақәа ахәшьарақәа раҳҭоит" — иҳәеит иара.

2015 шықәса жәабранмзазы ихацыркын апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны. Аӡын". Аекспедициа иахықәкын ишалшо ала ауаажәларра Аԥсны ашьхара аԥшӡара дырбареи асовет аамҭақәа рзы ирылаҵәан иҟаз ашьха туризм амаршрутқәа реиҭарҿиареи.

Аӡынтәии аԥхынтәии аекспедициақәа раан урыстәылатәии аԥснытәии алахәылацәа имҩаԥыргон аметеорологиатәии агидрологиатәии ҭҵаарақәа иара убасгьы афото, авидео материал аизгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0