00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Арсалиаԥҳа: Ҟарачы-Черқьесскҟа ҳныҟәара алҵшәа бзиақәа рыман

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба хадас дызмаз Аԥснытәи аделегациа Ҟарачы-Черқьесск официалтә визитла иҟан.

АҞӘА, жәабран 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба хадас дызмаз Аԥснытәи аделегациа Ҟарачы-Черқьесск официалтә визитла иҟан. Авизит даара алҵшәа бзиақәа аманы иҟан ҳәа ҳалҳәеит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Ҳара ҳидикылеит атәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Руслан Казаноков. Уи ашьҭахь имҩаԥган акультура аминистри, Аԥыза-министри рԥылара. Ҳаҭаан иаабеит акартинатә галереиа. Ҳара дҳацын ареспублика ахадагьы", — лҳәеит лара.

Аминистр лажәақәа рыла авизит аан иалацәажәан ареспубликақәа рыбжьара сынтәа имҩаԥысраны иҟоу ауснагӡатәқәа рыплан.

Арсалиа: Аԥсныи Ҟарачы-Черқьесски ркультуратә еимадара рӷәӷәатәуп

"Аԥхын ҳара имҩаԥаагараны ҳаҟоуп Ҟарачы-Черқьесск амшқәа, Аԥсны амшқәагьы мҩаԥысраны иҟоуп Ҟарачы-Черқьесск", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Лара илҳәеит иара убасгьы ареспубликақәа рыҩбагь ишыргәиҭоу арҿиаратә коллективқәа реимдара.

Иара убасгьы иаарласны Ҟарачы-Черқьесск имҩаԥысраны иҟоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа.

Аԥснытәи аделегациа иалахәын Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба, атәыла Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа, аҿартә политиказы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0