Ломиа: амҩақәа рҟны ашәарҭадаразы иҳадаҳкыло аусмҩаԥгатәқәа азхом

© Sputnik Астанда АрдзинбаАԥсны Апрокурор хада Алексеи Ломиа.
Аԥсны Апрокурор хада Алексеи Ломиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апрокурор хада Алексеи Ломиа, Аҟәа имҩаԥысуаз инарҭбаау апрокуратура Аколлегиа аилатәараҟны, далацәажәеит амҩатә ҭагылазаашьақәа ртәы.

АҞӘА, жәабран, 29 – Sputnik, Саид Барганџьиа. 2015 шықәсазы амҩатә машәырқәа жәаф рыла еиҳан 2014 шықәсазы аасҭа, иҭахаз рхыԥхьаӡарагьы жәохәҩык рыла еиҳан.

Апрокурор иажәақәа рыла ари иаанаго имҩаԥго ауснагӡатәқәа ишахәҭоу еиԥш лҵшәа рыманы иахьзыҟамлаз ауп.

"Апрокуратура аорганқәа абри аганахьала аусура ҳәа акгьы мҩаԥыргом" — иҳәеит Ломиа.

Апрокурор хада иазгәеиҭеит аныҟәараз азин зыҭоу ахаҿқәа, уи азин рыҭараан амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны ашәҟәы иҭагаланы иҟазар, апрокурортә гәаҭарақәа рматериалқәа нашьҭхароуп ашьаусҭҵааратә органқәа, ахара зду амаҵзурауаа рганахьала аус хыртызарц азы.

Алеқсеи Ломиа ишиҳәаз ала, абасоуп ишалыршахо амҩақәа рҟны ашәарҭадара аиқәыршәаразы апрокуратура аҭакԥхықәрақәа рынагӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0