Есышықәса, хәажәкыра 8 аламҭалазы, Аԥснынтәи аҳәаанхыҵҟа иргоит имаҷымкәа абри ашәҭ.
Ашәҭқәа хырыҵәҵәоит мамзаргьы амахә ԥуҵәар ауеит. Хышықәса рахь знык аҵла инарҭбааны еилыхтәуп аӷьацаразы.
Амимоза аконтеинерқәа рҟны еиҵоугәар ҟалом. Ашәҭқәа рыбжьара ақьаад бжьаҵалатәуп. Акапан 5-7 кьыла еиҳамзароуп. Аҳауатә ҭагылазаашьа хьшәашәаны иазаԥҵатәуп.
Ашәҭшьыҵәра акраамҭа убла хнакыртә иаанхарцаз ӡыда иҟазароуп. Асеиԥш аан уи ҩымчыбжьа рҟынӡа ишыҟоу аҽеиҭанакуам.

1/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
1860 шықәса рзы Аԥсныҟа иқәнагалаз амимоза иахьа аԥсуа пеизаж аханатәгьы иатәызшәоуп ишыҟоу

2/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Аԥснытәи асубтропикатә ҳауа амимоза иагәаԥханы иҟоуп. Есышықәса ажәҩан иаҵәара ианыԥшуа ашәҭ ҩеижьқәа агәырӷьара урҭоит

3/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Жәабранмза амимозашәҭ аизгара иаамҭоуп

4/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Ареспубликазы амимоза аекономикатә ҵакы амоуп. Ааԥынтәи амзақәа рзы иароуп аекспорт ахь инарго

5/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Амимоза аизгаразы амахәқәа ԥырҟоит

6/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Еиҳа имаҷу ашәҭқәа асикатор ала ихырҵәоит. Нас урҭ акоробкақәа ирҭарҵоит

7/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Амимоза ашәҭқәа акыр иԥшқарахуп. Амала рыфҩы ахыхь узнарҵысыр алшоит акраамҭа ааигәа уҟазар

8/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Акоробка ркапануеит. Ашәҭқәа рыкапан 7 кьылак еиҳамзар ауп

9/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
2014 шықәса рзы ареспублика иалган аҳәаанхыҵҟа иган 65 217 кьыла амимоза

10/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Акаробка аҵа ақьаад ҭадыршәуеит, аҳауа ҭамларц азы

11/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Амимозашәҭ зҭоу акаробкақәа рҷабуеит

12/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Аусураҟны аԥсшьаразы зыфҩы лаҳалаҳауа акаҳуеи ахааи оумашәа еинаалоит

13/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Ирхиоу акоробкақәа архьшәашәага машьынақәа рыла имҩаԥыргоит

14/14
© Sputnik / Илона Хварцкия
Амимозашәҭ ааԥын иаҷыдаран ишшьоугьы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иҟоу аԥхаррақәа ирыхҟьаны ажьырныҳәамзазгьы ианышәҭуа ыҟоуп