Гагәылиа: Урыстәыла Ахада аҵак ду аманы иԥхьаӡоит абизнес аусура

Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аиҳабы Геннади Гагәылиа далацәажәоит Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата VII аизара ду аҟны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата алахәра

АҞӘА, хәажәкыра 2 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аиҳабы Геннади Гагәылиа далацәажәоит Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата VII аизара ду аҟны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата алахәра.

"Сара хаҭала салахәын аусураҟны ихымԥадатәиу, Аԥсни Урыстәылеи рԥышәа еиҿзырԥшыр зылшо Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата адәныҟаполитикатә усура алацәажәара. Иара убасгьы аиԥылара ҳаман Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Сергеи Катырини сареи", — иҳәеит Гагәылиа.

Геннади Гагәылиа иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рекономикатә лшарақәа еиԥшымзаргьы апараллельқәагьы шрыбжьоу.

Гагәылиа Нижни Новгород ахь иусутә визит азы: ҳара ҳахь аара иазыхиоуп

"Сгәы иаанагоит абри аизара ду ашьҭахь ҳусура анализ азухоит ҳәа. Избанзар, ҳалшарақәеи ҳаиныррақәеи аҽырҭбаара иаҿуп", — иҳәеит Гагәылиа.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аиҳабы Геннади Гагәылиа далацәажәоит Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата имҩаԥнаго аизара ду аҟны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ҩынтәны ишалахәу.

Геннади Гагәылиа далацәажәоит Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата имҩаԥнаго аизара ду Владимир Путин ихы шалаирхәыз.

"Урыстәыла Ахада аҵак ду аманы иԥхьаӡоит абизнес аусура, иара арҭбаара, арҿиара", — иҳәеит иара.

Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата асистемахь иаҵанакуеит 181 ҵакырадгьылтә Хәаахәҭра-ааглыхратә палата, 200 инареиҳаны аидгылақәа, ассоциациақәа, 50 000 рҟынӡа анаплакыҩцәеи еиҿкаареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0