Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура: ареферендум амҩаԥгара-ҭакԥхықәрадоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада иаԥиҵеит Аполитикатә еилабжьаратә хеилак, иара аилазаарахь инаԥхьан аоппозициатә мчрақәа рхаҭарнакцәагьы.

АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik. Аоппозициа ахаҭарнакцәа изныкымкәа ирыдгалан аимак иацәхьаҵны иаарту аконструктивтә диалог амҩаԥгарахь, убасҟан аполитикатә мчқәа ҳуаажәларра реизҳазыҕьара иазку хра злоу ргәазыҳәарақәа реидкыларагьы алшон, ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада ипрессс-маҵзура.

Уи азы ҳажәлар рылшарақәа зегьы еидаҳкылароуп. Ахада изныкымкәа ирылеиҳәахьеит, хаҭалатәи аиҧыларақәа рҟынгьы — аоппозициа ахаҭарнакцәагьы ирыдигалахьеит аиҿагылараҟнытә иаарту адиалог ашҟа аиасразы,

Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура аҳәамҭала аҵыхәтәантәи шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа Аҧсны акәша-мыкәша ишьақәгылоит иуадаҩу афинанс-економикатәи агеополитикатәи ҭагылазаашьа. Урыстәылатәи Афедерациа аекономикаҟны акризистә цәырҵрақәа, иара убас уаанӡатәи ашықәсқәа рызтәи иҧсыҽыз аекономикатә политикеи, ишиашоу ҳтәылауаа рыҧсҭазаара ахаҭабзиареи аҩаӡареи анырра арҭеит.

"Иобиективтәу ауадаҩрақәа шыҟоугьы, Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара лҵшәазмоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ҳаҿуп, уи иҳалнаршеит, лымкаала, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ауалафахәқәеи атәанчахәқәеи акырӡа рышьҭыхра. Ааигәа имҩаҧысыз Аҧсни Урыстәылеи рхадацәа реиҿцәажәараан иалыршаз алҵшәақәа Аҧсны атәылауаа аҧхьаҟагьы рыҧсҭазаара ахаҭабзиара аиҕьтәра иадҳәалоуп", ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҟны.

Аҳәамҭаҟны иҳәоуп атәыла Ахада изы ихадараны иаанхоит атәыла аҩныҵҟатәи алшарақәа рхархәара, аекономика арҿиаразы, азинҭышәныртәалара арҕәҕәаразы, ареформақәа аҵыхәанӡа рнагареи амааҭ ахархәара ахьамоу анаӡаӡаараҟны иуадаҩу афинанс-економикатә кризис аҭагылазаашьаҟны ҳтәылауаа рыҧсҭазаара хаҭабзиарала ашьҭыхра алыршаразы ҳәа.

Аҳәамҭаҟны иара убасгьы иазгәаҭоуп атәыла иахьатәи аҭоурых аҟны раҧхьаӡа акәны ишаҧҵоу Аполитикатә еилабжьаратә хеилак. Уахь ишнаҧхьаз аоппозициатә еиҿкаарақәа зегьы рхаҭарнакцәагьы.

"Ари аилабжьаратә орган аҳәаа иҭагӡаны иалкаау аполитикатә мчқәа алшара роуан хадара злоу аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рзы аполитика аицзырхиарази ишиашоу Аҧсны анапхгара ирыдыркыло аӡбамҭақәа анырра рыҭарази".

Апресс-маҵзура иазгәанаҭоит абри аҭыҧан ҳара иҳадыргалоит аконституциа инамаданы зыгәрагара уадаҩу, аполитикатә ҟазшьа змоу акциақәа, обиективла атәыла аҭагылазаашьа аруадаҩра иазку ҳәа.

"Аоппозициа ахаҭарнакцәа аиҿагылара арҕәҕәареи ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭынчра аилагареи еиҳа иадгыланы, цивилизациа ҵасла адиалог мап ацәыркуеит", — иҳәеит атәыла Ахада.

Абас еиҧш иҭакҧхықәрадоу аполитика ҳтәылауаа рганахьала иақәнагоу ахәшьара аиуроуп. Убри аан аҳәынҭқарра амчрақәа Аҧсны аҳәынҭқарраҟны аҭышәынтәалареи азакәанреи хылаҧшра арҭоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0