Адепутатцәа иназыцҵоу ашәахтәԥсазы Азакәан ариашарақәа аларгалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент аилатәара.
Апарламент аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа изаамҭанытәиу реилатәараҟны иалацәажәеит иназыцҵоу ашәахтәԥсазы Азакәан ариашарақәа ралагалара.

АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ахаша, хәажәкыра 9 рзы Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа изаамҭанытәиу реилатәараҟны иалацәажәеит иназыцҵоу ашәахтәԥсазы Азакәан ариашарақәа ралагалара.

Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Сериков иажәақәа рыла азакәан апроект инақәыршәаны алагаларақәа хԥа ҟалоит, урҭ рҟынтәи ҩба атехникатә ҟазшьа рымоуп.

"Ахԥатәи ариашара реиҳа аҵакы амоуп. Иара инақәыршәаны иназыцҵоу ашәахтәԥсаҟынтәи рхы иақәиҭтәуп Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара иазырхо аинвестициатә программа анагӡаразы аоперациақәа, Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо афинанстә цхыраара", — иҳәеит Сериков.

Аус зуа азакәанԥҵараҟны арҭ ашьақәырӷәӷәарақәа азыԥхьагәаҭамызт.

"Аинвестициатә программа ауснагӡатәқәак рысмета шьақәыргылоуп 2014 шықәса раахыс. Уажәы арҽеирақәа алаҳамгалар, асмета еиҭаԥхьаӡатәуп. Иахьатәи аамҭа иақәыршәаны уи атехникатә хәԥсеиҳарахь икылнагоит. Урыстәылатәи Афедерациа иаҳзоунажьуа аԥарақәа рыла инаҳагӡо апрограммақәагьы рхыԥхьаӡара маҷхоит", ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитрии Сериков.

Аимак-аиҿак ашьҭахь апарламентарицәа бжьеиҳала ирыдыркылеит "Иназыцҵоу ашәахтәԥсазы" Азакәан алагаларақәа (25-ҩык – ақәшаҳаҭхеит, 6-ҩык мап ацәыркит).

Уаанӡа, 2015 шықәса абҵара 25 рзы Апарламент аҟны ирыдыркылеит Азакәан ахь арҽеира. 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Азакәан азинмчра аиуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0