Ленид Ӡаԥшьба ибиографиа

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны аҩныцҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба.
Аԥсны аҩныцҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

Леонид Иури-иԥа Ӡаԥшьба, амилициа аинрал-маиор, диит ажьырныҳәа 1, 1961 шықәсазы Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан. 1979 шықәса инаркны 1981 шықәсанӡа араатә маҵура ихигон Асовет аррра аҿы. 1981 шықәса инаркны 1983 шықәсанӡа аҵара иҵон Чебоксартәи амилициа ашкол ААР (МВД) СССР аҿы.

1983 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа аус иуан Томсктәи УВД облисполком аҿы еиуеиԥшым амҵурақәа рҿы. 1988 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа аҵара иҵон Омсктәи академиа ААР (МВД) СССР аҿы. 1991 шықәса инаркны аус иуан Аԥсны ААР (МВД) АССР еиуеиԥшым амаҵурақәа рҿы.

Цәыббрамза 1993 шықәса инаркны Аԥсны ААР (МВД) аоперативтә ҟәша аиҳабыс дарҭеит.

Жьҭаарамза 1993 шықәса инаркны Леонид Ӡаԥшьба Аԥсны Аҩныцҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс аусура далагеит, иара убри аамҭазы Аҟәа ақалақь аҩныцҟатәи аусқәа рнапхгараҿы аиҳабыс аус иуан.

Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала ԥхынгәы 10, 1996 шықәса рзы Леонид Ӡаԥшьба даҭоуп Аԥсны ашәарҭадара Аусбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩыс.

2002 шықәса инаркны 2010-нӡа – Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс.

2007 шықсазы – Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахадас дыҟан.

Цәыббрамза 22, 2010 шықәсазы Аԥсны ахада иусԥҟала Леонид Ӡаԥшьба даҭоуп Аԥсны аҩныцҟатәи аусқәа рминистрс.

Жьҭаарамза 20, 2011 шықәсазы Леонид Ӡаԥшьба имҵура аҿынтә дцеит.

Ԥхынгәымза 2014 шықәсазы Аԥсны ахада иалхрақәа раан кандидатс дыҟан.


Ажәабжьқәа зегьы
0