Адепутатцәа Омиани Логәуа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭыртәит

© Sputnik Роберт ДжопуаАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, хәажәкыра 9 рзы имҩаԥысуаз, изаамҭанытәиу Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҟны Аԥсны Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ иҟаиҵаз азыҳәа инақәыршәаны имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭыртәит.

АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ахаша, хәажәкыра 9 рзы имҩаԥысуаз, изаамҭанытәиу Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҟны Аԥсны Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ иҟаиҵаз азыҳәа инақәыршәаны имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭыртәит.

Апарламент адепутат Алмас Џьапуа иажәақәа рыла Омиани Логәуа иҟаиҵаз азыҳәа аусуратә ҭагылазаашьа амоуп.

"Уаанӡагьы иара аҳәара ҟаиҵахьан тәанчара дахьцо инамаданы имаҵура ааныжьра азин иаҳҭарц, аха сара, хаҭала, макьана зықәрахь имнеиц ауаҩы имаҵура ааныжьра аҽа ҵаҵӷәык амазар ҟалап ҳәа агәаанагара сызцәырҵит. Шықәсыки бжаки раԥхьа имаҵура даҳҭеит. Абри ашьҭахь иареи сареи хаҭалатәи аицәажәара ҳаман. Иныҭкааны исеимҳәеит, аха иҳәеит аусураҟны еиуеиԥшым аилибамкаарақәа шыҟоу", — иҳәеит Џьапуа.

Маӡалатәи абжьыҭирала Омиани Логәуа ареспублика Апрокурор хада имаҵзураҟынтәи ихы иақәиҭтәразы 28-ҩык адепутатцәа ақәшаҳаҭны рыбжьы рҭиит, аӡәы мап ацәикит.

1997 шықәса ԥхынгәымзазы Логәуа Очамчыра араион апрокурор ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан. 1998 шықәса нанҳәамза инаркны 2000 шықәсанӡа – Гал араион апрокурор. 2001 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә прокурор ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

2002 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа еиуеиԥшым анапынҵақәа неигӡоит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәылоуп. Акласстә чын – аиустициа абжьагаҩ аиҳабы ҳәа имоуп. Дҭаацәароуп. Хҩык ахшара драбуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0