Аахыҵ Уаԥстәыла аветеранцәа Аԥсны апротезқәа рзыҟарҵоит

© Sputnik Томас ТхайцукГагратәи апарк.
Гагратәи апарк. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ихәу рыхьчаразы Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Афонди Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонди аусеицуразы Реиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иҟоу апротезҟаҵара ацентр ахь дааԥхьоуп 2008 шықәса рзы иинвалидхаз, 28 шықәса зхыҵуа Денис Хугаев.

АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik. Ихәу рыхьчаразы Аахыҵ Уаԥстәылатәи Афонди Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонди аусеицуразы Реиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иҟоу апротезҟаҵара ацентр ахь иаараны иҟоуп Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьраан ааха зауз аинвалидцәа. Абри атәы лҳәеит ихәу рыхьчаразы Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Афонд ахада Мадина Ԥлиева, Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла аинтервиу аҭо.

Лара лажәақәа рыла апротез зҭахны иҟоу Афонд алахәылацәа жәаҩык рҟынтәи раԥхьатәи иаарласны Аԥсныҟа даараны дыҟоуп.

"Ҳфонд аҟны иҟоуп жәаҩык, 1989-1992шш., 2008 шықәса ази ақырҭуа агрессиа иахҟьаны ихымхәацәаны иаанхаз. Зегь раԥхьа Аԥсныҟа апротез аҟаҵара даауоит зегь иреиҵбу, 2008 шықәса рзы иинвалидхаз, 28 шықәса зхыҵуа Денис Хугаев", — лҳәоит Ԥлиева.

Лара иазгәалҭеит аинвалидцәа Гагратәи ацентр аҟны ацхыраара шрырҭо Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба идҵала. Ааигәа имҩаԥысуаз аиԥылараҟны Ҳаџьымба ихаҭа ажәалагала ҟаиҵеит аинвалидцәа рыцхырааразы. Уи адагьы иалацәажәан аинвалидцәа аԥснытәи акурортқәа рсанаториақәа рҟны рыԥсшьара аамҭа рхыгара атәы.

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реибашьцәа-инвалидцәа аус еицырулоит

"Гагратәи амедицинатә центр аҟны аоперациақәа мҩаԥгахоит ишьақәыргылоу ахәԥса ҩынтәны еиҵаны", ҳәа азгәалҭеит Ԥлиева.

Лара далацәажәеит Афонд апроектқәа зегьы атәыла Ахада Леонид Тибилов идгыларала ишымҩаԥысуа.

1989-2008 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз аибашьрақәа раан ахәра зауз рыхьчаразы Аахыҵ Уаԥстәылатәи Афонд аԥҵан Цхинвал, 2005 шықәса рзы. Аиҿкаара ацхыраара рнаҭоит аибашьра еиуеиԥшым аахақәа знаҭаз ауаа. Афонд ҩышәҩык рҟынӡа аҵанакуеит. Раԥхьа иргыланы ацхыраара рырҭоит зыхәрақәа хьанҭоу аинвалидцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0