АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. 2015 шықәса хәажәкырамзазы Оқәым ақыҭан, ажәытәтәи ауаҩы игыларҭаҟны ирыԥшааз ашьанҵа иалху аусугатә хархәагақәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаҭан. Аҟазацәа урҭ асиа иҭаргалеит, ҳәа аддыра ҟанаҵеит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аинформациатә ҟәша.
Уаанӡа, 2015 шықәса хәажәкырамзазы, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа Оқәым ақыҭан, ажәытәтәи ауаҩы игыларҭаҟны машәырны ирыԥшааз ашьанҵа иалху аусугатә хархәагақәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит.
Араҟа иҟан 54 ашьанҵалых мыруга. Урҭ рбеит адгьыл аҳәазара ашьҭахь. Аҭыԥ агәаҭареи аҭҵаареи рышьҭахь араҟа иаарԥшын иара убасгьы ауаҩԥсыбаҩқәа, акерамикатә фрагментқәа.
Амузеи археологиа аҟәша аиҳабы Диана Ахԥҳа ишеиҭалҳәаз ала амузеи ахь инаргаз артефактқәа ҭҵааны иҭалҩит амузеи азанааҭуаҩ Галина Полиакова.
"Артефактқәа ҭаҩны аномерқәа раҳҭеит. Дара амузеи афонд аҟны ишьҭоуп", — лҳәеит Ахԥҳа.
Оқәым, ажәытәтәи ауаҩы игыларҭа ахаҳәтә шәышықәса абаҟақәа ируакуп, Аԥсны акультуратәи аҭоурыхтәи ҭынха иашьаноуп. Иара аарԥшын 1960 шықәса рзы.