Дмитри Сериков – Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.
Диит Москва ақалақь абҵара 29, 1976 шықәсазы.
2000 — тәи ашықәс азы иҵара хиркәшеит Москватәи анџьныр-физикатә институт.
2002 –тәи ашықәс азы далгеит Аҳәынҭқрратә афинанстә академиа Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра аҿы.
2000-тәи ашықәс инаркны 2002-нӡа аус иуан Урыстәылазегьтәи автоматика аҭҵаарадырратә институт аҿы.
2002-2004 шықәсқәа рзы – аҳасабеилыргаҩ-економистс ЗАО «Соник Дуо» аҿы, Мегафон-Москва аҿы абларҭатә еимадара операторс.
2004-2011 шықәсқәа рзы – ЗАО "АКВАФОН-GSM" аҿы финанстә директорс, Аԥсны абларҭатә еимадара оперторс.
2011-2015 шықәсқәа рзы — ЗАО "АКВАФОН-GSM" аҿы аоперациатә усхкы аҿы ахада ихаҭыԥуаҩыс, Аԥсны абларҭатә еимадара оперторс.
Мшаԥымза 2015 шықәсазы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс аусура далагеит.
Дҭаацәароуп.