Ауниверситет аҿы имҩаԥган аԥсуа пародиеи алафи рныҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа пародиеи алафи рныҳәа ААУ аҿы.
Аԥсуа пародиеи алафи рныҳәа ААУ аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурнал "Алашара" аредакциеи, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни" раԥшьгарала аԥсуа пародиеи алафи рныҳәа мҩаԥган Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азал хадаҟны хәажәкырамза 10 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ажурнал "Алашара" аредакциеи, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни" раԥшьгарала аԥсуа пародиеи алафи рныҳәа мҩаԥган  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азал хадаҟны хәажәкырамза жәаба рзы, Аҟәа.

Алахҿыхреи аччареи зцыз ахәылԥаз аартуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ауниверситет аҟны аҵаратә процесс инаваргыланы пату шырзақәу алафи апародиеи рыхәылԥзқәа рымҩаԥгара.

"Ажурнал "Алашареи" афилологиатә факультети русеицура шьҭа итрадициатәхеит. Изныкымкәа араҟа ражәа рҳәахьеит ашәҟәыҩҩцәа Платон Бебиа,Терент Ҷаниа, Владимир Занҭариа, Гәында Сақаниаԥҳа уҳәа, урҭ ражәа лахҿых еснагь аҿар рзы гәахәара дууп. Ашәҟәыҩҩцәа ахатәрақәа рнаҩсан, иахьа иқәгылараны иҟоуп аҿар рхаҭарнакцәагьы", — ҳәа иҳәеит ААУ афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба.

Аԥсуа пародиеи алафи рныҳәа мҩаԥигон ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа, уи ицәажәараҿ иазгәеиҭеит, аус бзиа угәы ианҭаукуа ацхыраареи авагылареи узҭо ауаҩы дануԥыхьашәалак гәахәара шдуу.

"Иахьатәи ҳахәылԥаз амҩаԥгараз ацхыраара ҳанаҭеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" анапхгара, иҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит", — ҳәа  ихәеит Лагәлаа.

Анаҩсан,еизаз раԥхьа иқәгылеит: Терент Чаниеи, Гәында Кәыҵниаԥҳаи, Анатоли Лагәлааи, Валентин Кәаӷәаниеи, Арда Ашәбеи, Владимир Занҭариеи, Гунда Сақаниаԥҳаи, Енвер Ажьибеи, Анатоли Алҭеибеи, Альбина Анқәабԥҳаи, Дмитри Габелиеи, Алхас Чхамалиеи, Инал Гыцбеи дара рпародиеи рлафҳәашьеи аҿар ибзианы ирыдыркылон, рнапеинҟьабжьгьы акыр аамҭа еихсыӷьра ақәмызт. 

Аԥсуаа  жәытә натә аахыс алафҳәареи алахҿыхреи пату рзақәуп, абри атәы арҵабыргуеит  хыԥхьаӡара рацәала ауаажәларра ирылаҵәаны иҟоу аԥсуа лаф.


Ажәабжьқәа зегьы
0