Ауаажәларратә палатаҟны иалацәажәеит иааиуа акурорттә сезон

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАуаажәларратә палата.
Ауаажәларратә палата. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата алахәылацәа реиԥылараан иалацәажәеит ареспублика атуристтә ҭагылазаашьа.

АҞӘА, хәажәкыра 11 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥшьаша, хәажәкыра 10 рзы Ауаажәларратә палата алахәылацәа реиԥылараан иалацәажәеит ареспублика атуристтә ҭагылазаашьа.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба, "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата апрезидент ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Лышәба, ареспублика асанитар ҳақьым хада Владимир Берулаа, Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы Инга Ҭаниаԥҳа, Ауаажәларратә палата алахәылацәа.

"Сара сгәы иаанагоит зегьы ибзианы ирдыруеит ҳәа акурорттә сезон аҽазыҟаҵара аҭахны ишыҟоу. Иҟоуп агәыӷрақәа, сынтәа аҽаамҭанык еиԥшымкәа аԥсшьаҩцәа рацәахап ҳәа. Ицәырҵуеит азҵаара – ҳара ҳабанӡазыҟаҵоу?", — лҳәеит Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Наҭелла Акаԥҳа.

Аиԥылараан ирылацәажәан еиҳа ихадараны ишьаз азҵаарақәа. "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа далацәажәеит дара русбарҭа атуристтә сезон ишазыҟаҵоу атәы.

Беслан Барциц - Sputnik Аҧсны
Барцыц: Гагра акурорттә сезон аатуеит

"Зегьы ишәгәаласыршәар сҭахыуп 2015 шықәса рзы Гагра араион аҟны ауадаҩрақәа шҳамаз. Ахатәы ҩынқәа жәпакы асасааирҭа-маҷқәа рылырхит. Аԥхын афымцамч ахархәара акырӡа еиҳахеит", — иҳәеит иара.

Басариа иажәақәа рыла ареспубликаҟны афымцатә ҳа акырӡа иажәуп. Иҟоу аҭагылазаашьақәа ирыхьмырԥшыкәа иара игәаанагарала сынтәа иалыршахоит фымцамчла ауаа реиқәыршәара.

Ауаажәларратә палата алахәылацәа реиԥылараан иара убасгьы иалацәажәан асанитар-епидемиологиатә проблема. Иара убри аан иазгәаҭан арҭ апроблемақәа есышықәса ишрылацәажәогьы ишыҟац ишаанхо.

"Аԥхынтәи атуристтә сезон ҳара ҳзы еснагь ахьанҭарақәа ацуп. Зегь раасҭа ихадоу проблеманы иаҳзыҟоу аӡи аканализациеи роуп. Урҭ рымҩангагақәа шамахамзар зехьынџьара иажәуп. Аԥсны арыцқьаратә мыругақәа џьаргьы ирымам", — иҳәеит ареспублика асанитар ҳақьым хада Владимир Берулаа.

Ауаажәларратә чарҭақәа ракәзар, урҭ ирыхҟьаны 20 процент рҟынӡа акьатеичымазарақәа цәырҵыр алшоит.

"Аԥсшьаҩцәа аҭыԥантәи ачыс иашьцылам. Уи ргәабзиара иҽеимкәа анырра анаҭоит", — иҳәеит иара.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы Инга Ҭаниаԥҳа иазгәалҭеит апарк аусзуҩцәа активла аҽырхиара ишаҿу.

"Ҳара ҩышә инарзынаԥшуа амҩатә дыргақәа ҳаргылеит, атуристцәеи ҳтәылауааи рныҟәара арманшәаларазы. Иара убасгьы иқәыргылоуп 77 информациатә дырга", — лҳәеит Ҭаниаԥҳа.

Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба иазгәеиҭеит агхақәа шырацәоугьы иҟаҵоу шмаҷым.

"2015 шықәса рзы 15 ԥсшьарҭаҩны атуристцәа рыдыркылеит 160 мшы рыла еиҳаны. Пицундатәи "Литфонд" акәзар ашықәс аҟны 220 мшы асасцәа аднакылоит", — иҳәеит Ахба.

Иара убри аан иазгәеиҭеит атуристцәа ирыдыргало аалыҵ ахаҭабзиара шеиӷьтәтәу, асанитартә ҭагылазаашьа еиҳа еиӷьны ишеиҿкаатәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0