Афестиваль "Аԥхьарца" Очамчыра имҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәлар ринструментқәа рфестиваль.
Жәлар ринструментқәа рфестиваль. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар ринструментқәа рфестиваль "Аԥхьарца" Очамчыра имҩаԥысит

АҞӘА, хәажәкыра 11 — Sputnik, Владимир Бегунов. Апроект автор, Иван Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара ареспубликатә центр анаҧхгаҩы Нури Кәарҷиа иажәақәа рыла, афестиваль раҧхьаӡа акәны еицлабра ҳасабла, насгьы аҳҭнықалақь анҭыҵ – Очамчыра ақалақь имҩаҧысит. Уаанӡа уи хәышықәса инарзынаԥшуа Аҟәа имҩаԥысуан.

Очамчыра Акультуратә хан адиректор Гәында Ҵәыџьԥҳа лажәақәа рыла 320 ҭыԥ змоу азал ҭәын ахәаԥшцәа рыла. Нури Кәарҷиа ишиҳәаз ала зегь иреиҵбыз алахәыла Илана Ԥачлиаԥҳа ԥшьышықәса лхыҵуан, зегь иреиҳабыз, Хьымца Хынҭәба, ԥшьынҩажәа шықәса ихыҵуан. Афестиваль иалахәын Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа рколлективқәа.

"Афестиваль-аицлабра аҿар рыбжьара жәлар ринструментқәеи рашәақәеи апропаганда азуреи аларҵәареи рзы имҩаҧаҳгоит. Уи еицырдыруа амузыкатә коллективқәеи жәлар ринструментқәа рыла ашәақәа рынагӡаҩцәеи рхы аладырхәлоит", – ҳәа иҳәеит Нури Кәарҷиа.

Аконкурс абарҭ аноминациақәа рыла имҩаҧган: иреиҕьу апрофессионалтә коллектив, иреиҕьу ахаҧшьгаратә оркестр, иреиҕьу адаулрҳәаҩы, иреиҕьу адует, иреиҕьу асолотә нагӡаҩы.

© Sputnik / Томас ТхайцукФестиваль народных инструментов.
Фестиваль народных инструментов. - Sputnik Аҧсны
Фестиваль народных инструментов.

Иара азкын Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз артист Иван Кортуа игәалашәара. Иахьа Кортуа ихьӡ Аԥсны жәлар рҟазара Ареспубликатә центр иахҵоуп.

Раԥхьаӡа акәны афестиваль мҩаԥган 2011 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0