Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснытәи атоматқәа ааныркылеит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи аҳазалхра аоператив-ԥшааратә ҟәша аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аҟны, ахәаша, хәажәкыра 11 рзы иааннакылеит адеклорациа иахыжьмыз 3,5 тонна аидара.

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik. Шәачатәи аҳазалхра аоператив-ԥшааратә ҟәша аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аҟны, ахәаша, хәажәкыра 11 рзы иааннакылеит адеклорациа иахыжьмыз 3,5 тонна аидара. Абри атәы аанацҳаит Шәачатәи аҳазалхырҭа аоператив-ԥшааратә ҟәша.

"Атауармҩаԥгаратә документқәа рҟны иарбан атауар: 2016 шықәсазтәи аалыҵ, 13,5 тонна атоматқәа. Аха, аҳазатә гәаҭарақәа рымҩаԥысраан иаарԥшын аидара 3,5 тонна рыла ишеиҳаз зыӡбахә адокументқәа рҟны иарбаз аасҭа. Иааидкыланы атауар акапан 16 тонна 996 кьыла инаӡон. Абасала адеклорациа аҟаҵараан адыррақәа ырԥаршеин. Ари аҳазалхратә закәанԥҵара аилагароуп иаанаго", ҳәа азгәанаҭоит Шәачатәи аҳазалхырҭа.

Аидара мҩаԥызгоз амашьынақәа рныҟәгаҩцәа ирҳәеит атауар аԥснытәи агрофирмақәа руак ишатәу, ҿырҳәалатәи аилацәажәара шыҟаз, ҳәа азгәанаҭоит Шәачатәи аҳазалхырҭа.

© Фото : Сочинская таможняТоматы из Абхазии задержанные на абхазо-российской границе.
Томаты из Абхазии задержанные на абхазо-российской границе. - Sputnik Аҧсны
Томаты из Абхазии задержанные на абхазо-российской границе.

"Дара ишырҳәаз ала напынҵаны ирымаз атауар амҩаԥгара заҵәык акәын. Урҭ руаӡәк ишиҳәаз ала "адокументқәа рҟны заҟа арбаз аҟара акәыз џьыршьон ииаргоз". Аҳазалхратә кодекс аҟны иарбоу амҩаԥгаҩ иуалԥшьақәа ртәы дара ирыздырамызт", — аҳәоит аацҳамҭаҟны.

Азакәанеилагаҩцәа рганахьала Шәачатәи аҳазалхыҩцәа аус хацдыркит Административтә еилагарақәа Ркодекс ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 3 инақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0