Аԥсны аенергетикеи атранспорти рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Зураб Ҳаџьымба иажәақәа рыла, уажәазы Аԥсны архитектуреи ахылаԥшреи рзы аҳәынҭнаплакы азанаҭуаа ахыбра иагу иабзоу агәаҭара мҩаԥыргоит. Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратәи ахатәтәратәи еилаӡара ахархәара аиур шалшо аусурақәа рымҩаԥгараан.
Ҳаџьымба ишиҳәаз ала апроект-сметатә документациа ашьақәыргылара иаҿуп авокзал аиҭашьақәыргылара нагӡаны амҩаԥгаразы. Иара убасгьы иазырхиоуп аплан авокзал аханатә ишыҟаз еиԥш аҟаҵаразы. Аинвесторцәа ԥшаатәуп. Ахыб арҽеиразы атәыла аиҳабыра аԥара азоурыжьуеит.
Иахьатәи аамҭазы иара рымаҵ ауеит Аҟәа-Ԥсоу, Аҟәа-Очамчыра, Москва-Аҟәа, Санкт-Петербург-Аҟәа, Белгород-Аҟәа рхырхарҭала иныҟәо апоездқәеи аелектричка Адлер-Аҟәеи.

1/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Адәыӷбаангыларҭа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аусура аанкылан, ахыбра шьҭаҵарҭак аҳасабала рхы иадырхәон. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәраан иара ааха рацәа аиуит. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рызгьы ахархәара аман иҟамызт.

2/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҟәатәи адәыӷбаангыларҭа вокзал 1951 шықәса рзы идыргылеит.

3/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәатәи адәыӷбаангыларҭа ааха ӷәӷәаны иаҭан. Аибашьра ашьҭахьгьы ахархәара аҭамызт инагӡаны, Аҟәантәи Ԥсоуҟаи Очамчыраҟаи иныҟәоз адәыӷбақәа аалхны.

4/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Афото аҟны Аҟәатәи адәыӷбаангыларҭа. Аамҭақәак рзы арантәи рымҩа иқәлон зықьҩыла ауаа.

5/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иахьазы ахыбра ҭацәуп. Иара ахаҭагьы аиҭашьақәыргылара иазыԥшуп.

6/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахыбра уааршанхартә иԥшӡоуп.

7/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҟәатәи адәыӷбаангыларҭа ахыбра ажәытәтәи аԥшӡара ацәынхақәа

8/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аргылаҩцәа ишазгәарҭо ала ахыбра аиҭашьақәыргылара шықәсыки бжаки рҟынӡа аҭаххоит.

9/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иахьатәи аамҭазы иара рымаҵ ауеит Аҟәа-Ԥсоу, Аҟәа-Очамчыра, Москва-Аҟәа, Санкт-Петербург-Аҟәа, Белгород-Аҟәа рхырхарҭала иныҟәо апоездқәеи аелектричка Адлер-Аҟәеи.