АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцба иажәақәа рыла, Анкара иҟалаз атеракт иахҟьаны аԥсуа-адыга диаспора иаҵанакуа аӡәгьы дҭамхеит.
"Атеракт иахҟьаны 37-ҩык иҭахаз рхыԥхьаӡараҿы аԥсуа-адыга диаспора иаҵанакуа ыҟан ҳәа аинформациа ҳамам", — иҳәеит Гыцба
Гыцба излазгәеиҭаз ала, ахаҭарнакра лассы-лассы Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациеи, Кавказтәи акультуратә центрқәа рфедерациеи, иара убас Анкара иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәеи ирыдҵаалоит, аинформациа еидыркылоит.
Инар Гыцба иазгәеиҭоит атәылаҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьа ауаа ргәы ишыҵхо, ахадара ирылшо зегьы ҟарҵоит ауаажәларра рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагыламзарц азын. Аҳәара ҟарҵоит изларылшо ала ауаа рацәа ахьеизо имнеиларц.
Иацы, Анкара агәҭа, Ҭырқәтәыла аԥыза-министр иофис ааигәара иҭҟәацит амашьына, 37-ҩык ауаа ҭахеит, 125-ҩык хуп. Аҭҟәацра ҟалеит 19:45 рзы, автобусқәа раангыларҭаҿы ауаа анырацәаз.
Ари атеракт ахәбатәи терактуп аҵыхәтәантәи амзқәа рзы Ҭырқәтәыла. Иааидкыланы иҭахеит 200-ҩык инареиҳаны. Х-терактк рзы аҭакԥхықәра рхы иадырҵеит "Исламтәи аҳәынҭқарра" алахәылацәа (Урыстәыла аҟазаара азин амаӡам).