Анатоли Лагәлаа ибиографиа

© Sputnik / Рада АжьибаАуаажәларра-политикатә ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ауаажәларра-политикатә ажурнал Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

Аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа диит 1961 шықәсазы, рашәарамза 1 аҽны, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. Аимаратәи абжьаратә школ аҟны ԥшь-класск хырқәшаны иҵара иациҵоит Ҷлоутәи абжьаратә школ аҟны. Ашкол даналга ашьҭахь дҭалоит М.Горки ихьӡ зху аинститут афилологиатә факультет, анаҩсан диасуеит М. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь, игәамбзиара иахҟьаны Аԥсныҟа дхынҳәуеит, иҵара хирқәшоит Аԥсны.

1984 шықәсазы аусура далагоит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿ.

Анаҩсан, ажурнал "Алашара" аредакциахь.

1985 шықәсазы ажурнал аҟны апроза аҟәша еиҳабыс дарҭоит.

2004 шықәсазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ажәабатәи реизараҟны ажурнал "Алашара" аредактор хадас дшьақәырӷәӷәан.

Аԥсуа телехәаԥшраҟны имҩаԥигон "Абырлаш", "Ажәа амч" захьӡыз адырраҭарақәа рцикл.

Анатоли Лагәлаа дравторуп хкы рацәала апрозатә рҿиамҭақәа. Иҩымҭақәа ақәыԥшратә лирика гәыцәс иамоуп.

2010 шықәсазы Анатоли Лагәлаа Д.Гәлиа ихьӡ зху апремиа ианаршьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0