Афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа диит абҵарамза 20, 1958 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә факультет аҟны ажурналистика азанааҭ ала аҵара далгеит, анаҩсан аспирантура.
1989 шықәсазы "Аԥсны апериодикатә кьыԥхь" атема ала акандидаттә дессиртациа лыхьчоит.
1981 шықәса инаркны атематикатә дырраҭарақәа рредакторс аус луеит Аԥсуа телерадиоеилахәыраҟны.
1983 шықәса инаркны ААУ аҿы аусура далагеит.
1996 шықәса инаркны ажурналистика аҟәшаҟны алекциақәа дрыԥхьоит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, арратә корреспондентс дыҟан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы иаалырԥшыз афырхаҵаразы иланашьоуп "Агәымшәаразы" амедал. Иара убас, иланашьоуп "Ахьӡ аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара.
Екатериа Бебиа дравторуп 35 анаукатәи, апублицистикатәи, асахьаркыратә шәыҟәқәа, 800 инарзынаԥшуа ателедырраҭарақәеи адокументалтә фильмқәеи.