Европауааи америкауааи рыхыхәҭак Ҟрым Урыстәыла иахәҭакны ирыԥхьаӡоит

© AFP 2023 / LOUISA GOULIAMAKIАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азҵаараҭара мҩаԥнагеит еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә еилакы Populus ЕАШ(США), Британиа ду, Нидерланды рҟны, афранцыз еилакы iFop Франциеи, Италиеи, Германиеи рҟны.

АҞӘА, хәажәкыра 16 — Sputnik. Еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә еилакы Populus ЕАШ(США), Британиа ду, Нидерланды рҟны иҟанаҵаз, афранцыз еилакы iFop Франциеи, Италиеи, Германиеи рҟны иҟанаҵаз азҵаарақәа шьаҭас иҟаҵаны, иаарыцҳауеит Америка, Голландиа, Британиа ду, Франциа, Германиа, Италиа ртәылауаа рҟынтәи изазҵааз рахьтә ахԥатәи рыхәҭа ирыԥхьаӡоит Ҟрым Урыстәыла иахәҭакуп ҳәа.

Азҵаарақәа мҩаԥган аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik рыҳәарала.

Азҵаара "Ҟрым Урыстәыла иахәҭакны ишәшьо ишәымшьо?" аҭакс Урыстәыла иахәҭакуп ҳәа иршьоит 39% Италиатәи, 37% Германиатәи ареспондентцәа. Британиа дуи Нидерланды урҭ рхыԥхьаӡара иартәоит —36%; 32%. ЕАШ(США), Франциа рҟны еиҟаран — 26%. Иара убри аан ЕАШ(США) иҳаздырам ҳәа аҭак ҟарҵеит 42%.

© SputnikАзҵаараҭара
Азҵаараҭара - Sputnik Аҧсны
Азҵаараҭара

ЕАШ(США), Британиа ду, Нидерланды азҵаарақәа мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилакы Populus 2016 шықәса хәажәкыра 4 инаркны хәажәкыра 9 рҟынӡа аинформациатә маҵзура Sputnik азы. Германиа, Италиа, Франциа азҵаарақәа мҩаԥнагеит аилак iFop (хәажәкыра 8 инаркны хәажәкыра 10 рҟынӡа). Азҵаарақәа ирылахәыз ареспондентцәа еихыршон шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.

Азҵаараҭараҿы рхы аладырхәит: Британиа ду 1085-ҩык ареспондентцәа, ЕАШ(США) — 1003, Нидерланды – 1004, Германиа –1002, Франциа –1005, Франциа –1002.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит. Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0