Риҵатәи апарки Афон ҿыцтәи аҳаԥи рҟынтәи алагалақәа рныхшьа

© Sputnik Томас ТхайцукРиҵатәи амилаҭтә парк.
Риҵатәи амилаҭтә парк. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Ахада Руслан Ладариа иаҳзеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҟынтәи ироуа аԥарақәа шнырхуа атәы

АҞӘА, хәажәкыра 16 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭа араион Ахада Руслан Ладариа иаҳзеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парки Афон ҿыцтәи аҳаԥи рҟынтәи ироуа аԥарақәа шнырхуа атәы. Урҭ ныхуп аӡымҩангагатә ҳақәа аремонт рзуразы, акаҭран аԥсахразы, араион арҵаҩцәеи аҳақьымцәеи рулафахәы ашәаразы.

"Риҵатәи амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҟынтәи 2015 шықәса рзы иҳауз аԥарақәа ҳбиуџьет акыр иацхрааит аӡымҩангагатә ҳақәа аремонт рзуразы, акаҭран аԥсахразы, араион арҵаҩцәеи аҳақьымцәеи рулафахәы ашәаразы", — иҳәеит араион Ахада.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк адиректор Рита Лолуа ишылҳәаз ала 2015 шықәса рзы Гәдоуҭа араион абиуџьет иахыԥхьаӡалан 51 миллион мааҭ аԥара. Афон ҿыцтәи аҳаҭы аҟынтәи араион абиуџьет иаиуит 34 миллион мааҭ.

Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Гәдоуҭа араион ауааԥсыреи 2015 шықәса хәажәкырамзазы реиԥылараан иазгәеиҭеит Риҵатәи апарк аҟны ирҭиуа абилеҭқәа рыхәԥса ахәҭак Гәдоуҭа араион абиуџьет иалагалахалоит ҳәа. 2008 шықәса раахыс афон ҿыцтәи аҳаԥы аҟынтәигьы алагаларақәа мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0