Тҟәарчалтәи акультура Ахан аремонт изацҵахом

© Sputnik Томас ТхайцукТҟәарчалтәи акультура Ахан.
Тҟәарчалтәи акультура Ахан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит акультура Ахан аремонт актәи аетап ишахымсыц.

АҞӘА, хәажәкыра 16 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2016 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭам акультура Ахан аиҭашьақәыргылара ацҵара, лҳәеит Тҟәарчал араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа.

"Макьаназы аремонт ианацҵахо атәы ҳәа акгьы сызшәаҳәом. Уи азы аԥара ҳамам. Аинвестициатә программақәа рылагьы сынтәатәи аплан аҟны иарбаӡам", — лҳәеит лара.

Акультура Ахан аремонт х-етапкны имҩаԥысыр акәын. Актәи аетап хыркәшахеит 2015 шықәса хәажәкырамзазы.

2015 шықәса хәажәкыра 20 рзы иаартхеит еиҭашьақәыргылаз актәи аихагыла. Аха Чачхалиа лажәақәа рыла аусурақәа ишахәҭаз еиԥш имҩаԥгамызт.

"Аԥхарра аус ауам. Ахыб зны-зынла ақәа кылсуеит", — лҳәеит араион Ахада.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акультура Ахан аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуан 2012-2015 шықәсқәа рзы. Актәи аетап аан иныхын 131 миллион мааҭ аԥара.

Ажәабжьқәа зегьы
0