АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны аԥсшьаҩцәа ирзыԥшуп, ахәқәа рыцлареи раангыларҭа ҭыԥқәа разымхареи азыԥхьагәаҭам ҳәа ҳаиҳәеит Акурортқәеи атуризми рминистрра аинформациеи аӡыргареи рыҟәша аиҳабы Адамыр Мықәба.
Иара иазгәеиҭеит ареспублика аԥсшьаҩцәа реизҳара ишазыхиоу. Аангыларҭа ҭыԥқәа ракәзар проблемак цәырҵуам избанзар Аԥсныҟа атуристцәа раара еиҳарак ишеиҿкаахо Шәачантәи мышктәи аекскурсиақәа рыла акәхоит.
Аминистрраҟны иазгәарҭеит аус шадырулаз аекскурсиахк ҿыц "Абхазское застолье".
"Атуристцәа ирылшоит аԥсуа нхашьа-нҵышьа рылалара ирбарц, аԥсуа бзазара, аҵасқәа еилыркаарц, амилаҭтә чыс агьама рбарц. Уаанӡагьы аҩныҵҟатәи атуристцәа рзы ари ахкы ԥыршәахьан, аха мышкыҳәа арахь иаауа рзы уажәоуп ианымҩаԥгахо", — иҳәеит Мықәба.
Аԥсшьаҩцәа еиҳарак иаауеит Гаграҟа, Пицундаҟа, Аҟәаҟа, Гәдоуҭаҟа, Афон ҿыцҟа.
"Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭахьы атуристцәа ныҟәараҳәа иргоит ауп, ус аангылара ҳәа уахь инеиуа маҷҩуп. Уи зыхҟьо уаҟа асасааирҭақәеи, апансионатқәеи, аангыларҭа ҩнқәеи, ажәакала аинфраструктура ахьыҟам ауп", — иҳәеит Мықәба.
Ахәԥсақәа рганахьала ацҵарақәа рацәаны иҟаларым ҳәа агәыӷра ыҟоуп.
Уаанӡа Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистрра адырра ҟанаҵахьан аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара 20 процент рҟынӡа аизҳара ҳазыԥшуп ҳәа. Аԥсны Урыстәылеи ИАР атәылақәеи рҟынтәи атуристцәа аднаԥхьалоит амааҭтә зона иахьаҵанакуа азгьы, абызшәатә ԥынгылара ахьыҟам азгьы.