Арадио Sputnik апроект ҷыда иаҳзеиҭанаҳәоит ажурналистика апрблемақәа

© flickr.comАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik апроект ҷыда иацнаҵоит аҭоурыхи ажурналистика иактуалтәу апроблемақәеи ртәы аиҭаҳәара.

АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. Хәажәкыратәи аҭыжьымҭақәа шәаҳар шәылшоит хәажәкыра 21 инаркны 25-нӡа ишиашоу ицо аефир Sputnik аурысшәалатәи арадиостанциаҿы, иара убас арубрика "Радиотачка" амультимедиитә проект Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россиа сегодниа" Совинформбиуро 75 шықәса ахыҵра инамаданы, иреиҳаӡоу аҭыԥантәи аинформациатә маҵзурақәа рышьаҭаркҩы, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Урыстәыла жәларбжьаратәи аренақәа рҿы иӡырнагон. 

Хәажәкыразы радио Sputnik ажурналистцәеи ааԥхьара змоу аекспертцәеи апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәалоит аҳәаанырцәтәиқәеи аҭыԥантәиқәеи АИХ (СМИ) ахҭысқәа ишрыхцәажәо, хаҭала Аахыҵ Уаԥстәылаҿы ақырҭцәа рхымҩаԥгашьа атәы. Иара убас хәажәкыратәи аҭыжьымҭақәа рҿы ирылацәажәалоит: АИХ (СМИ) иахьынӡаобиективтәу, аҳәаанырцәтәи АИХ (СМИ) урыстәылатәиқәеи Украинеи Балтиа атәылақәа рҿы еиҳа ахархәара змоу.

"Ҳара ҳапроект иара убасгьы ажурналистикахь зшьапы еихызго рзы ирҵагатәны иҟоуп. Иреиҳау аҭыԥантәи амаҵзурақәа рҭоурых ҳгәаларшәауа – Совинформбиуро, Акьыԥхь маҵзура "Новости", "Риа Новости", МИА "Россиа Сегодниа",  ҳара еиҭаҳҳәоит иахьатәи ажурналистика аҭоурых, ари ахырхарҭа алегендақәа ирызкыу, реиҳа иҵару азцаарақәа, адунеи аҿы аинформациатә еибашьра атәы, шәареи ҳареи иахьа ҳахьынхо", — иҳәеит урысшәала иҭыҵо Sputnik адиректор Алексеи Орлов. 

Ажьырныҳәатәии жәабрантәии аҭыжьымҭақәа шәаҳар шәылшоит "Радиоточка" арубрика аҿы Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россиа сегодниа" амультимедиитә проект аҿы.

Совинформбиуро 75 шықәса ахыҵра инамаданы, 2016 шықәса аҩныҵаҟа имҩаԥгахоит – афото цәыргақәҵақәа, "Левитан иеиԥш иаҳҳәоит" аиндаҭлара, убас егьырҭгьы. Аџьынџьтәылатә журналистика аҭоурых еидкылауа, Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россиа сегодниа" аусурақәа хнаркәшоит Совинформбиуро аацҳамҭақәа рколлекциа аҭыжьрала.

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хыркәшахоит жәларбжьратәи медиафорумла, иара мҩаԥгахоит рашәара 2016 шықәсазы Москва. Инарҭбааны аусмҩаԥгатәқәа зегьы ртәы ахәҭа "75 шықәса. Аҭоурых ажәабжь ала иалагоит" аинформациатә маҵзура РИА Новости асаит аҿы иҟалоит. (иаҵанакуеит жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россиа сегодниа" ахь).


Ажәабжьқәа зегьы
0