Ареабилитациатә центр акомпиутертә комплектқәа ҩба ҳамҭас ианаршьеит

© Foto / Сырма Ашәԥҳа"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахәыҷқәа рреабилитациатә центр акомпиутертә комплектқәа ҩба ҳамҭас ианаршьеит
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахәыҷқәа рреабилитациатә центр акомпиутертә комплектқәа ҩба ҳамҭас ианаршьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахәыҷқәа рреабилитациатә центр акомпиутертә комплектқәа ҩба ҳамҭас ианаршьеит

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ҳҳәынҭқарраҿы ДЦП ачымазара зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥҳьаӡара шәҩыла иҟоуп. Урҭ  аԥхьаҟатәи рԥеиԥш аиӷьтәра гәцаракра азнауеит ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны". Афонд аԥшьгарала иаԥҵоуп аусуратә гәыԥ, ари ачымазара ишьҭнахуа азҵаарақәа реиҿкаара ахылаԥшра азҭо.

Зегь раԥхьа иргыланы иалацәажәоуп аҳәаанырцәынтәи аспециалистцәа Аԥсныҟа раагара, акадрқәа реиҵааӡара, зылшара ԥку ахәыҷқәа аҭыԥан ацхыраара рыҭара. Уи азы апрограмма шьақәдыргылеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуеи, афонд аасоциалтә политика аҟәша анапхгаҩы Иули Гәымԥҳаи, дара зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр нап ҭацәыла иаҭамааит. Ҳамҭас ацентр ианаршьеит акомпиутертә комплектқәа ҩба, иара убас абзазаратә маҭәахәқәа.

"Аҳәынҭқарра инаҷыданы, доусы излаилшо ала арҭ ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара ҳуалԥшьоуп. Афонд ахьӡала, хымԥада, аԥхьаҟагьы  аматериалтәи афинанстә дгылареи ааҳарԥшлоит. Иазԥхьагәаҭан иҳамоу агәыҳалалратә усқәа рацәоуп. Иаарласны, ҳдиаспора рхаҭарнакцәа ари ацентр абаҳчаҿы ахәыҷқәа рыхәмарырҭеи, рҽазыҟаҵарҭатә ҭыԥлеи  еиқәдыршәоит", — ҳәа азгәеиҭеитафонд ахада Сонер Гогәуа. 

Згәабзиара ԥку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр аиҳабы Виолетта Гагәылиаԥҳа даара гәахәала илыдылкылеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иаанырԥшуа агәыҳалалра.

Гогәуа: ахәыҷқәа рхәыҷтәы дунеи арлашара ҳҽазаҳшәоит

"Афонд ашҟа  цхыраара хәыҷык ҳәа ацентр ахьӡала саннеи инаркны, уи ахада Сонер Гогәуа сажәа ҩбеимтәит. Мышқәак раԥхьа, аортопедиатә хчқәа 330 цыра ацентр ианеишьеит. Иахьа, иаҳзааигаз акомпиутерқәа, ахәыҷқәа рзы даара акраҵанакуеит.  Аинтернет ахархәарала, дара ирыԥшаап рҩызцәа, еицәажәап, еибадырып, аамҭа бзианы ирхыргап. Иҭабуп даара ҳәа иаҳҳәоит афонд ахада, иара убас уи ахаҭарнакцәа", — ҳәа азгәалҭеит Виолетта Гагәылиаԥҳа. 

Анаҩс, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны"ахада Сонер Гогәуеи ареабилитациатә центр аиҳабы Виолетта Гагәылиаԥҳаи аԥхьаҟатәи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. 


Ажәабжьқәа зегьы
0