00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
4 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Такие обстоятельства
18:34
26 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Такие обстоятельства
21:34
26 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
On air
18:16
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵара ҳаамҭазтәи аметодика: еилаҳкаауеит изеиԥшроу
18:19
14 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
"Миссия Добро" в Абхазии: что нужно знать родителям детей с особенностями развития
18:49
23 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Беиа: аҿари аибашьра аветеранцәеи аимадара рыбжьаҵатәуп

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥган астол гьежь.
В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥган астол гьежь. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥган "Иаҳгәалаҳаршәап усҟан иҳацыз" зыхьӡыс астол гьежь.

АҞӘА, хәажәкыра 23 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥган аибашьра аветеранцәеи аҿартә хеилакқәа рлахәылацәеи алархәны "Иаҳгәалаҳаршәап усҟан иҳацыз" зыхьӡыс астол гьежь. Аиԥылара алагамҭаз еиқәшәаз зегьы идырбан амузеи аҩнуҵҟа ҿыц иаартыз аекспозициақәа.

Амузеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиа аиԥылара аартуа иазгәалҭеит, аибашьра аҭоурых инарҵаулан, хықәкыла марттәи ажәылара ахҭысқәа, урҭ аҿар ираҳароуп аибашьра аветеранцәа рҟнытә.

"Иахьатәи ҳаиқәшәара хықәкыс иамоу акы заҵәык ауп, аҿари аибашьра аветеранцәеи аимадара рыбжьаҵара. Амузеи аусзуҩцәа иҳаԥхьаӡоит ас еиԥш иҟоу аиқәшәарақәа лассы-лассы имҩаԥгалатәуп ҳәа, аветеаранцәа рҿала ирҳәо излахәыз ахҭысқәа аҿар даҽакала анырра рнаҭоит", — ҳәа ацылҵеит уи.

Аиқәшәара иалахәын аибашьра ашықәсқәа рзы еиуеиԥшым ахырҳарҭақәа рыҟны аус зуаз, хықәкыла марттәи ажәылара иалахәыз аибашьра аветеранцәа.

Аԥсны Жәлар рдепутат, аибашьра ашықәсқәа раан Гәымсҭатәи афронт акомиссар Сергеи Шамба ицәажәараҿ дазааҭгылеит марттәи ажәылара ахҭысқәа.

"Марттәи ажәылара илҵшәадахеит избан акәзар, аԥсуаа ар рымамызт, аибашьра аԥышәа рымамызт, аинформациа маҷын. Аԥсҭбарада аиааирагьы зыҟаломызт", — ҳәа иҳәеит иара.

Баҭал Кобахьиа ихымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит, аибашьраан ар ироуз адҵа ахцәажәара мыцҳәы иаҭахым ҳәа.

Аҭоурыхҭҵааҩ: марттәи ажәылара аибашьра афырхаҵаратә даҟьақәа ируакуп

"Аибашьра цонаҵы, ар ироуз адҵа ахцәажәарақәа мҩаԥыргон, уи иашам, уи ус акәым ҳәа, хаҭала марттәи ажәылараан, арҭ ацәажәарақәа еиҳа аибашьцәа ршьара иқәнарҟьон. Аԥхынтәи ажәыларақәа раан, иҳауыз адҵақәа наҳагӡон, иаҳдыруан ацәажәарақәа бзиарак ахь ҳашкылнамго. Адҵа ҳарҭон, ҳцон, ҳкаҳауан, ҳҭахон аха аиааира ааигәаҳтәуан. Марттәи ажәылара ахааназ ахашҭра ақәым. "Аҩныҟа" "Аҟәаҟа" абри акәын ҳгәы ззыҳәоз зегьы", — ҳәа ациҵеит Кобахьиа.

Астол гьежь аҟны иара убас ргәалашәарақәа ирзааҭгылеит Гиви Смыр, Муҳамед Кьылба, Сергеи Митосиан, Гули Кьычба, Закан Нанба, Лариса Ҭарба дара рцәажәараҿ иазгәарҭоз акакәын, марттәи ажәылара ҳаибашьцәа ааха ӷәӷәа шырнаҭазгьы, анаҩсан ргәы камыжьқәа ҳаԥсадгьыл аиааира азааргеит ҳәа.

Астол гьежь хырқәшо, аибашьра ашықәсаан Гәымсҭатәи афронт акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩ Муҳамед Кьылб Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иеиҭеит афронт аҟны ажәыларақәа рҽаназыҟарҵоз аԥсуа ар рхы иадырхәоз ахсаала.

Ажәабжьқәа зегьы
0