00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Русские имена на карте мира
14:04
22 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Мировые острова с русскими именами
14:33
25 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Женева еилацәажәеит Галтәи аиԥыларақәа еиҭахацыркхарц азы

© Sputnik Томас ТхайцукАдәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит аекологиатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа, акультуратә ҭынхақәеи архивтә документқәеи рырхынҳәра.

АҞӘА, хәажәкыра 24 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. 2016 шықәса хәажәкыра 23 рзы изаамҭанытәиз Женеватәи аиԥыларақәа раан аганқәа алацәажәеит аекологиатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа, акультуратә ҭынхақәеи архивтә документқәеи рырхынҳәра, иара убасгьы Галтәи аиԥыларақәа еиҭахацыркхарц. Абарҭ ртәы ҳаиҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба.

"Аиԥыларақәа ирылдыршоит иахьа аҭыԥ зманы иҟоу ацәгьоурақәа ирҿагылан ақәԥара. Аҳәаа иахьаԥну ацәгьара ҟазҵаз егьи аган ахь ииасуеит ҽыҵәахра ҳәа. Абарҭ ацәгьоуцәа рганахьала аинформациа аимдара аганқәа рыҩбагь рзы лҵшәа злоу акоуп", — иҳәеит Чрыгба.

Иара иажәақәа рыла Галтәи аиԥыларақәа ирылахәхоит аԥснытәии урыстәылатәии аҳәаахьшьцәа.

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит аиҿцәажәара алахәылацәа агуманитартә аспект азхьаԥшра шарҭаз. Аԥсуа ган ажәалагала ҟанаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа ртәылақәа рынҭыҵ рхы иақәиҭны аныҟәара азин роурци арҭ атәылақәа рдокументқәа разхаҵарази.

"Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа, ЕС, ОБСЕ, ООН рхаҭарнакцәа арҭ азҵаарақәа рылацәажәара иадгылеит. Дара иазырыԥхьаӡоит арҭ азҵаарақәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рзы акыр рыҵаркуа иҟоуп ҳәа. Егьырҭ араундқәа раангьы урҭ ирыцҵатәуп ҳәа", — иҳәеит аминистр.

Аиԥылараан иара убасгьы аганқәа алацәажәеит аекологиатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа, акультуратә ҭынхақәеи архивтә документқәеи рырхынҳәра. Иааидкылан аԥсуа ган аилацәажәара амҩаԥысшьа агәахәара рнаҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0