00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Ҳара ҳжәар
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Ҳара ҳжәар
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Аиҿцәажәара
Маркәыла археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥысуеит: аҵарауаҩ ицәажәара
13:33
3 мин
Аиҿцәажәара
Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...": афестиваль аҵакы ҳалацәажәоит
13:36
13 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
10 мин
Взаимный интерес
Международная экспедиция в Абхазии в глубочайшей пещере в мире: разговор со спелеологами
14:18
25 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Актуальный комментарий
Эхо войны в горах: "Абхазпоиск" обнаружил неучтенные воинские захоронения в Псху
14:44
5 мин
Дополнительное время
Итоги турнира по теннису в Сухуме: интервью с президентом Федерации
14:49
13 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Кан Ҭаниа: Женеватәи аиҿцәажәарақәа алҵшәақәа рымоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд аан аганқәа еилацәажәеит аидысларақәа раԥырҟәҟәареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм адокумент хада иқәныҟәаларц.

АҞӘА, хәажәкыра 24 — Sputnik. Аидысларақәа раԥырҟәҟәареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм аиҭахацыркра Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылҵшәа бзианы иҟалеит, иҳәеит ҳкорреспондент диҿцәажәо Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.

"Иуҳәар ауеит Аидысларақәа раԥырҟәҟәареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм арегион аҟны аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара азҭо факторуп ҳәа", — иҳәеит Ҭаниа.

2009 шықәса рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ирыдкылан Аидысларақәа раԥырҟәҟәареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм азы адокумент. Аха аамҭақәак рышьҭахь европатәи ахылаԥшцәа Рмиссиа ахада, аинрал Тишкевич иҳәамҭақәак рҭакс аԥсуа ган иара "персона нон грата" ҳәа дрыԥхьаӡеит.

Иҟан иара убасгьы еиуеиԥшым атехникатә ҟазшьа змаз аилибамкаарақәа, урҭ инарыдҳәаланы Галтәи амеханизм аанкылан.

"Изаамҭанытәиу араунд аан аганқәа аҽазныкгьы абри адокумент иазыхынҳәит" — иҳәеит Ҭаниа.

Аидысларақәа раԥырҟәҟәареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм аиҭахацыркразы Аиқәшаҳаҭра алыршахеит Женева хәажәкыра 22-23 рзы имҩаԥысуаз аиԥыларақәа раан.

Ажәабжьқәа зегьы
0