Д.Гәлиа иҩны-амузеи аҟны актиорцәа реиԥылара мҩаԥысит

© Sputnik Рада АжьибаД.Гәлиа иҩны-амузеи аҟны актиорцәа реиԥылара мҩаԥысит
Д.Гәлиа иҩны-амузеи аҟны актиорцәа реиԥылара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи атеатр амш инамаданы Д. Гәлиа иҩны-амузеи ахыбраҟны имҩаԥган Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр актиорцәа рыхәылԥаз.

АҞӘА, хәажәкыра 28 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Дырмит Гәлиа аԥсуа  литературазы  илшамҭақәа инарываргыланы, иара раԥхьаӡатәи атеатртә труппа аиҿкааҩцәа дреиоуоп, машәыршақә иҟамлеит ари ахәылԥаз араҟа иахьеиҿаҳкаауа, лҳәеит аиԥылара аартуа Д.Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа.

"Дырмит Гәлиа илиршеит иаԥҵаз ахаԥшьгаратә коллективқәа рыла аиҿкаара, аа-ҩык рыла ишьақәгылаз раԥхьаӡатәи атруппа, уи аус аҟны дарӷьажәҩан дивагылан Антон Шьакаиа. 1921 шықәсазы Д.Гәлиа усҟантәи анапхгара инапы ианырҵеит азанааҭтә театр аиҿкаара, раԥҳьаӡатәи апрофессионалтә актрисацәа ҳәа ишьақәгылеит Валентина Ачбеи, Вера Аланиеи", — ҳәа лҳәеит Корсаиаԥҳа.

Светлана Корсаиаԥҳа лажәақәа рыла, усҟан лассы-лассы атеатр аусзуҩцәа аԥсуа қыҭақәа ирҭаауан, уи иахьӡын Аҟәатәи адраматә театр иатәу, аԥсуа сектр аҟәша.

"Аԥсуаа рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп атеатр, иара енагь лафла иазхәыцны иаанырԥшуан ажәлар ргәы иҵхо азҵаарақәа. Зыԥсҭазаара зегьы атеатр иадызҳәалаз аԥсуа актиорцәа ирзеиӷьасшьоит, рҟазара ахә ҳаракны изшьо ахәаԥшцәа", ҳәа лҳәеит лықәгылараҿ Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Sputnikи Акультура аминистрреи апроект Атеатри аԥсҭазаареи хацдыркит - Sputnik Аҧсны
Sputnikи Акультура аминистрреи апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" хацдыркит

Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра акультура аизҳара иахәо апроектқәеи, еиуиеԥшым ауснагӡатәқәеи авагылара арҭоит. Ааигәа, акультура аминистрреи, аинформациатә-маҵзуареи "Sputnik-Аԥсни" ихацдыркит апроект "Атеатри аԥсҭазаареи", уаҟа актиорцәа еиҭарҳәоит атеатр рыԥсҭазаараҿы ианнакыло аҭыԥ, ҳәа азгәалҭеит аминистр.

Арҿаҩцәа рыхәылԥаз иалахәыз, актиорцәа еиҭарҳәон атеатр ахь рапхьаӡатәи ршьаҿақәа анеихыргоз ирԥылоз ауадаҩрақәа ртәы, раԥхьатәи ррольқәа анынарыгӡоз ироуз ацәаныррақәа, насгьы агастрольқәа рыҟны изықәшәоз ахҭысқәа лафны ргәалашәараҿы ишаанхыз.

Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр актиорцәа зегьы ргәалашәарақәа рыҟны, иазгәарҭон ишнасыԥыз дара рзы рырҿиаратә мҩаҟны зыхьӡ нагаз актиорцәеи дареи аусура иахьыхьӡаз, ирҿырҵаазгьы шырацәоу.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0