Виссарион Аԥлиа: ауахәама аԥҳәыс лҽырбгара иаҿагылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАб Виссарион.
Аб Виссарион. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) ахҳәаа азиуит ареспублика амчрақәа аԥҳәыс лҽырбгара аҟамларазы Азакәан. Иара иазгәеиҭеит ауахәама уи Азакәан ишадгыло.

АҞӘА, хәажәкыра 29 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) ахҳәаа азиуит ареспублика амчрақәа аԥҳәыс лҽырбгара аҟамларазы Азакәан. Иара иазгәеиҭеит ауахәама уи Азакәан ишадгыло.

Аҽырбгара, ари ахәыҷы ишьроуп. Абри аҩыза ацәгьоура азин ахьыҟоу атәыла ауаажәларра рдоуҳагьы лаҟәуп ҳәа азиԥхьаӡоит ауахәама амаҵуҩы.

"Ахаҵеи аԥҳәыси ахәыҷқәа рышьразы рҽеидыркылозар, уи ииашам усуп. Аҽырбгара – гәнаҳароуп. Аԥҳәысгьы Иаҳхылаԥшу иҿаԥхьа лыгәнаҳа лҵәахырцоуп лҽызлырбго. Аха Анцәа иҿаԥхьа акгьы узыҵәахуам. Ииашоуп, хаҵа иҟам аԥҳәыс ахәыҷы лцәа даналашәо гәнаҳароуп, аха уи ахәыҷы данылшьуа еиҳагьы игәнаҳароуп. Анцәа аԥҳәыс дзишаз ахәыҷы дылриларц ауп. Ахәыҷы аԥсҭазаара иҭаны уаанӡатәи лыгәнаҳарақәа хылҩоит. Аҽырбгара ҟалом", — иҳәеит аб Виссарион.

"Раамҭа анааилак арԥысгьы аԥҳәызбагьы аҭаацәара иалалароуп. Ауахәама урҭ ааӡара рынаҭароуп. Здоуҳа дуу ауаажәларра рҟны аԥҳәыс лыҽлырбгаӡом", — иҳәоит иара.

Ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы Аԥсны ирыдыркылаз азакәан "Ани имиц ахәыҷи рыхьчаразы" азырхоуп ареспублика адемографиатә проблема аӡбра.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥҳәыс лҽырбгара мап ацәнакит

Азакәан амчра аиуит 2016 шықәса жәабранмза 9 инаркны. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла ареспубликаҟны инхоит 250 000-ҩык ауааԥсыра. 1994 шықәса раахыс Аԥсны иит 47 177-ҩык ахәыҷқәа, имҩаԥган 11 903 операциа аԥҳәыс лҽырбгара аганахьала.

Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҟны адырра шыҟарҵаз ала аҳәса рҽырбгаразы аҳақьымцәа ишрыдҵаалогьы ахәышәтәырҭақәа рҟны уи аҩыза адҵааларазы астатистика мҩаԥыргом. Жәабран мзазы аԥҳәыс лҽырбгара Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иҭаҩым ҳәа адырра ҟанаҵеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

2015 шықәса рзы атәылаҟны иҭаҩын 835 операциа, урҭ рҟынтәи 17 – амедицинатә рбагақәа ирхьырԥшын.

Ажәабжьқәа зегьы
0